Адисциплинақәа кате, кумите злагалаз аицлабрақәа еиднакылеит 130-ҩык аспортсменца.
Акаратистцәа зеиӷьаҟам ала иқәгылеит, хыԥхьаӡара рацәала аҩ-дисциплинак рҿы аҳамҭақәа раиура рылдыршеит:
Адисциплина ката аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Самед Бабаев, аҩбатәи аҭыԥ – Баграт Кәтарба.
Кумите аиндаҭларақәа рҿы аиааира ргеит Малика Зыхәба, Давид Аџьынџьал, Руслан Карапетиан, Леон Хоџьикиан, Алеқсандра Павлова, Самед Бабаеви Баграт Кәтарбеи.
Аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Даниил Ҵулукиа, Леонид Горзолиа, Сандро Гагәуа, Руслан Кондакчиан, Самира Адлеибеи Викториа Кондакчиани.
Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Марианна Миносиан, Дарина Соиа, Далмаҭ Чагәаа, Леон Крыгин, Глеб Ноикин, Сандро Харчлаа, Мисаил Қриа, Никита Жданов, Данаҭ Кьышьмариа, Еснаҭ Гәынбеи Леон Џьынџьали.
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Виталии Ҭемыри Ҷыҭанаа.