АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 23:44

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ибналаз Сергеи Ким иԥшаара рыланаҳәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ибналаз, 1990 шықәса рзы ииз Ким Сергеи Олег-иԥа иҟазаара аҭыԥ аилкаареи иаанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа  мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААР апресс-маҵзура.

Рашәарамза 19 рзы Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа аҟынтәи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь акануеи рыцны рыиагараан ибналеит хҩык ауаа: 

  • Барцыц Дмитри Гәырам-иԥа, 1984 ш. рзы ииз, атәым мазара аӷьычразы ахара зду;
  • Акопиан Алеқсандр Мигир-иԥа, 1997 ш. рзы ииз, атәым мазара аӷьычразы ахара зду;
  • Ким Сергеи Олег-иԥа, 1990 ш. рзы ииз, анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы ахара зду.

Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут идҵала ахылаԥшырҭа аоперативтә ҟәшеиҵақәа ахатәы еилазаара зегьы аԥшааразы идәықәҵахеит. Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны иара аҽныҵәҟьа иаанкылан ҩыџьа абаандаҩцәа – Барцыц Д .Г., Акопиан А. М. 

 

 


Read 54 times - Ахәаша, 20 Рашәара 2025 17:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.