АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 23:18

Аԥсны Тҟәарчал араиони Ленинградтәи аобласт Приозерск араиони аиҩызара рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Петербургтәи жәларбжьаратәи аеконмоикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Тҟәарчал араиони Ленинградтәи аобласт Приозерск араиони аиҩызара рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Анапаҵыҩра ацеремониа алахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ленинградтәи аобласт агубернатор Алеқсандр Дрозденкои.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Ҭҟәарча араион ахада Исидор Дочиеи гЛенинградтәи аобласть Приозиорск араион ахада Алеқсандр Соклакови.

Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоуп акультура, аҵараиура, аспорт, атуризм аусхккәа рыла аусеицура.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа ирыҵоу ҷыдала аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи Аԥсны араионқәеи русеицзура ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа ауаа реимадарақәа, аекономика аҿиара, акультура, аҵараиура аусхк  иацхраауеит. Агәра згоит, иааидкыланы Аԥсни Урыстәылеи реимадара аҳәаақәа рырҭбаараҟны аиқәшаҳаҭра алагала ду шыҟанаҵо», - ҳәа иҳәеит  Бадра Гәынба.

Ленинградтәи аобласт агубернатор Алеқсандр Дрозденко иҳәеит Аԥсны аус ацура  арегион азы ахырхарҭа хадақәа ишыруаку.

«Аԥсни ҳареи ҳусеицура арҿиара - ҳара ҳрегион азы акраҵанакуеит. Ари аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьа ҿыцқәа  аԥнаҵоит  еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицуразы - акультура аҵараиура, атуризм,  ақыҭанхамҩа уҳәа рыҟны. Агәра згоит, Приозерскии Ҭҟәарчал араиони ирыбжьарҵаз аиҩызара атәылауаа рзы хәарҭа аманы ишыҟало», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Дрозденко.

 

 

 

 

 

 


Read 50 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.