Аиԥылара иалахәын Санкт-Петербург аҵара зҵо астудентцәа.
Бадра Гәынба рҭакқәа ҟаиҵеит ҳџьынџьуаа ргәы иҵхоз азҵаарақәа, убри аан ҷыдаша хшыҩзышьҭра аиҭеит аԥсуа бызшәа аҿиареи акультуреи русхк, аҿар адгылара рыҭара, иара убас адиаспореи ҳареи ҳаимадара азҵаара.
Аҳәынҭқарра Ахада иаликааит аҳәынҭқарраҟны аԥыжәара зырҭо азҵаарақәа, аҳәынҭқарра аиҳабыра аҟынтә азҿлымҳара зҭаху.
«Ҳара ҳзы хадаратәны иҟоуп азинтә иаша ашьақәыргылара, аекономика аҿиара, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ганрацәалатәи ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаара, иара убас агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аспорт аҿиара. Абарҭ азҵаарақәа рыӡбара иазырхоуп аиҳабыра ҿыц рхықәкы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩныҵҟала ари Санкт-Петербург инхо аԥсуа диаспореи Аҳәынҭқарра Ахадеи рыбжьара имҩаԥысыз раԥхьатәи еиԥылароуп.
«Сара сзы ари аиԥылара акырӡа аҵанакуеит, избанзар аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа ргәаанагара аилкаара ахәҭаны исыԥхьаӡоит. Аԥсны - ҳара ҳзеиԥш ҩноуп. Аԥсыуак дахьынхозаалакгьы иԥсадгьыл дазхәыцуеит, иабацәа рабацәа рџьынџь дазҿлымҳауп. Ҳаԥсадгьыл ишәҭыкакаҷуа аҟаҵара ҳара зегьы иаҳуалԥшьоуп», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аиԥылара аҵакы шамоу, атәыла анҭыҵ инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара аус аҟны.