Аҩадатәи аҳҭнықалақь ахада асас аҳәынҭқарра ахадас иалхра идиныҳәалеит.
«Шәара аԥыжәара шәыманы шәиааира – аԥсуа жәлар Шәара шәахь ирымоу агәрагара ду аанарԥшуеит. Аԥсны ҳара ҳзы – иҳазгәакьоу аиашьаратә ҳәынҭқарроуп. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа аҵарадырра, агәабзиарахьчара, аҿартә политика, акоммуналтә нхамҩа, уҳәа аусхкқәа жәпакы рҿы аҿиара бзиа амоуп», – ҳәа иҳәеит Алеқсандр Беглов.
Иара Аԥсны Ахада идигалеит аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аиқәыршәареи анапаҵыҩреи, иара убас Петербурги Аҟәеи хазы игоу араионқәа рыбжьара амуниципалтә ҩаӡараҿы апартниортә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи.
«Иааит аамҭа ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара арҭбааразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵара. Аха зегьы раасҭа ихадоу, шәара ишышәҳәо еиԥш, агоризонталтә еимадара аҿиара. Ҳара ҳраионқәеи Аԥсны араионқәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵар алшоит" , — иҳәеит Беглов.
«Урыстәылеи ҳареи иҷыдоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Урҭ ашәышықәсақәа ирҭагӡаны ишьақәгылон, ҳара аринахысгьы урҭ рырӷәӷәара азы аусура ҳазхиоуп. Ҳара ҳзы Ленингради Санкт-Петербурги аҭоурых – иаҳзеиԥшу аҭоурых ауп. Аблокада аан ари ақалақь хамеигӡарала изыхьчоз ауаа ргәалашәара ҳаҭыр ақәаҳҵоит. Жәаҳәарада, иахьа иаамҭоуп арҿиара, ажәларқәа реизааигәатәра. Уи аганахьала, ҳара иаҳхықәкуп ҳтәылауаа реизааигәахара алзыршо апроектқәа рынагӡара», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит сынтәа ареспубликаҿы аҳаиртә баӷәаза шаадыртыз, агәыӷрагь ааирԥшит Санкт-Петербурги Аҟәеи ишиашоу аҳаиреимадара ҟалап ҳәа.
Алеқсандр Беглов Санкт-Петербург ареспублика аус ацура аганахьала иԥхьагылоу урыстәылатәи арегионқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иҳаҩсыз ашықәс азы атауареикәыршара ҩынтә еиҳаны иазҳаит. Агубернатор иажәақәа рыла, ақалақь Аԥсни Петербурги абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа рыбжьара иҿыцу аимадарақәа рыбжьаҵара иазинтересуп, аусхкқәа зегьы рҿы аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара иазырхоуп. Аԥсны атроллеибусқәеи иҷыдоу автомашьынақәеи аҭара азы азинтә механизм ашьақәгылара мҩаԥысуеит. Иахьазы конкретла амоделқәа алкаауп. Иара убас ахыркәшарахь инеит Аҟәа ақалақьрыцқьаратә техника аҭаразы ихымԥадатәиу апроцедурақәа.
Аҩадатәи аҳҭнықалақь ахада ҷыдала иаликааит агәабзиарахьчара аганахьала аусеицура. Петербург аԥснытәи аҳақьымцәа ақалақь амедицинатә усбарҭақәа рҿы рԥышәахысра аиҿкаара ахахьы иагоит. Ақалақь аонкологиатә Центрқәа Аԥснынтәи апациентцәа рыдкылара иазхиоуп.
Аусеицура аперспектива змоу ахырхарҭақәа иреиуоу – атуризм аҿиара ауп. Иалацәажәоит Петербургынтәи Аҟәаҟа ишиашоу аҳаиреимадара ашьақәыргылареи атуристтә потенциал аӡыргара азы аусеицуратә информациатә еилазаарақәа раԥҵареи.
Аҵарадырратә усбарҭақәа рыбжьара аимадара аҽарҭбаауеит. Петербург анапхгара амедицинатә ҵараиурҭақәа рҿы аԥснытәи астудентцәа рзы абиуџьеттә квотақәа рырхиара алыршаразы аусура мҩаԥнагоит. Ареспублика аҟынтәи абитуриентцәа Аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟынтәи ркураторцәа рыҽрымадара иалагахьеит.
Нева аӡиас ихықәгылоу ақалақь Аԥсни Санкт-Петербурги рыбжьара ашколтәи аҿартәи аимадарақәа аҵак ду анаҭоит. Аԥснытәи ашколқәа аушьҭымҭацәеи аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи аушьҭымҭацәа рныҳәа «Алые паруса» ахь ааԥхьара роуит.