Сергеи Поперечныи иоуз адкылара бзиа азы иҭабуп иҳәеит. Уи ареспублика аҿы абырзен-аурымтә қәԥара аҿиара аперспективақәа ахәшьара ҳарак аиҭеит.
«Сара иаци иахьеи исаҳази избази агәазҭазаара ду снаҭеит. Иарбоу аспорт хкы аҿиара аперспектива ду амоуп. Ҳара ҳхәыҷқәа даара ибзиоу алшарақәа рымоуп, урҭ иузыӡырҩуеит, иуҳәогьы гәныркылоит. Сара сгәы иаанагоит ҳаԥхьаҟа ари аспорт хкы Аԥсны ахатә ҭыԥ ааннакылоит ҳәа», - иҳәеит иара.
Аусдкылаҩ Роман Каҷараа аԥснытәи аспортсменцәа рықәҿиарақәа азгәеиҭеит.
«Ҳара уажәоуп абырзен-аурымтә қәԥара аиҭашьақәыргылара ҳаналага, аха ҳара иааҳарԥшыша ҳаухьеит. Ҳаспортсмен Руслан Кәыҵниа Урыстәыла еизгоу акоманда ахыԥхьаӡаларазы дықәгылоуп, уи уажәы Ҟабарда-Балкариаҟа аизгарақәа рахь амҩа дықәлоит. Даҽа спортсменк, Рамазан Арапханов адунеи ачемпионат алахәхара иҽазыҟаиҵоит. Ҳақәгәыӷуеит уи алҵшәа бзиақәа ааирԥшып ҳәа», – адырра ҟаиҵеит Роман Каҷараа.
Иара Сергеи Поперечныи иаара еиҵагыло абиԥара рмотивациа азы акыр аҵанакуеит ҳәа иазгәеҭеит.
«Ахәыҷқәа рзы гәырӷьара дууп ас еиԥш иҟоу, зыхьӡ нагоу аспортсменцәа лабҿаба рбара, рыҿцәажәара. Уи дара рзы акырӡа аанагоит, агәазҭаара рынаҭоит аспорт аҽазкра азы. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳгәы иҭаҳкыз зегьы шынагӡахо, ақәҿиара бзиақәагьы шаарԥшхо», – ҳәа иҳәеит иара.
Сергеи Поперечныи Роман Каҷараа иаԥшьгарақәа Аҳәынҭеилакы аҟынтәи адгылара шаиуо, иаарласны уи алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карҷаа еизаз агәра диргеит Аҳәынҭеилакы аԥснытәи аиқәԥаҩцәа аринахысгьы адгылара рыҭаразы иалшо зегьы шыҟанаҵало азы.