pressadmin-2
АԤСНЫ АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА: «ЗХЫ ИАҚӘИҬУ АЖӘА ИХЬЫԤШЫМ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АМИЛАҬТӘ МАЛНЫ ИҞОУП».
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы ицәырҵуа иалагаз, иҟоу азакәанԥҵара ӷәӷәала еилазго, ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа русура рыҽрылагалара иадҳәалоу афактуа рганахьала агәҭынчымра аанарԥшуеит.
«Аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа раԥҵаҩы ихыҭҳәаау изинмчы ахархәарала, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа иарбоу амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа ирықәыӷәӷәоит. Ас еиԥш аҭагылазаашьақәа инарымаданы, ажурналистцәа Реидгыла аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа русура рыҽрылагалара азы азин рымоуп ҳәа изыԥхьаӡо ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа «Амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ацензура амҩаԥгара шзамлыршахо ргәаланаршәоит. (Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 3).
Ас еиԥш ацензура аҿырԥшы аҳасабала иааугар алшоит абҵарамза 23, 2022 шықәса рзы имҩаԥысыз Аԥсны ауаажәларра-политикатә мчрақәа Реизара аҿы ареспублика аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа ржурналистцәа рыҟамзаара. Иҟоу адыррақәа рыла, амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа иарбоу аусмҩаԥгатә аҽалмырхәреи уи азы адырраҭарақәа рыҟамҵареи рзы адҵа роуит. Иарбоу афакт аредакциақәа русура аҳәаакра адагьы, «атәылауаа амассатә информациа ахархәагақәа рыла ауаажәларратә еидгыларақәа русура азы оперативла, иҵабыргу аинформациа аиура азы ирымоу азинқәа» (Амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 35) еиланагоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахьӡала иҟаҵоу аҳәамҭа аҿы.
АБҴАРАМЗА 24 РЗЫ БЕДИА АҚЫҬАН АБЫЛРА ҞАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 рзы Ҭҟәарчал ақыҭа, Бедиа ақыҭан еихагылакны иҟоу аҩны амца акит.
Амашәыртә хҭыс азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь 10 сааҭки 26 минуҭи рзы иҟалеит. Амцарцәаҩцәа аҭыԥаҿы ианнеи аамҭазы ахыбра зегьы амца акхьан. Иҟалаз амцакра иахҟьаны аҩны зегьы блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.
ПИЦУНДАТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АРЕНТГЕНТӘ АППАРАТ ҾЫЦ ШЬАҚӘДЫРГЫЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 рзы атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Пицундатәи ахәышәтәырҭа аусура гәеиҭеит. Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди Едуард Быҭәба иарбоу амедицинатә усбарҭа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы изеиҭеиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аминистр ацифратә рентгентә аппарат ҿыц ахьышьақәыргылоу арентгенографиа акабинет даҭааны игәеиҭеит.
Аҳақьым хада иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа анапхгараҭара изныкымкәа агәабзиарахьчара Аминистрра ахь арентгентә аппарат ҿыц аахәара азы аҳәара ҟарҵахьан, избан акәзар уи ахьыҟамыз иахҟьаны, апациентцәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа ахь иргалар акәхон.
Савели Серетиди ишазгәеиҭаз ала, арентгентә аппарат рымамиижьҭеи30 шықәса ҵуеит.
СЫНТӘА АРЕСПУБЛИКАТӘ ЦЕНТР АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ 240-ҨЫК ИНАРЕИҲАНЫ АХӘЫҶҚӘА РРЕАБИЛИТАЦИА АЗЫ ЕИУЕИԤШЫМ АКУРСҚӘА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс/ Ҭамара Ачба. Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ареспубликатә ареабилитациатә Центр абар шьҭа бжьы шықәсеи бжаки ирылагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы аус ауеит. Ареабилитациатә Центр аҳақьым Хада Лиана Емухвари Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Ацентр аусура атәы еиҭалҳәеит.
Ареспубликатә ареабилитациатә Центр аатит мшаԥымза 17, 2015 шықәса рзы. Ари амедицинатә усбарҭа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала имҩаԥган. Аобиект аргылара ҩы-шықәса ирылагӡаны имҩаԥысуан. Аргылара ахарџьынҵа 34 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә 8 млн. мааҭ ацентр азы амаругақәа раахәара иақәхарџьхеит.
ГАГРАТӘИ АРАИОНТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА ХАДА АЗЫ АУЛЬТРАБЖЬЫТӘ ДИАГНОСТИКА АППАРАТ ҾЫЦ ААРХӘЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Арҭ амшқәа рзы абзиаҟаҵаҩцәа рыцхыраара иабзоураны араҟа ишьақәыргылахеит аультраҩжьытә диасгностика аппарат ҿыц.
Ашәахәатә диагностика аспециалист Валери Травин ишазгәеиҭаз ала, аппарат ҳаамҭа иақәшәоит, араионтә хәышәтәырҭа Хада аҭаххрақәагьы нанагӡоит.
«Афирма Samsung иҭнажьыз аппарат ахаҭабзиара даараӡа иҳаракуп, ахархәара акыр иманшәалоуп. Ари аҩыза аппарат аахәара хра злоу усны иҟалеит Аԥсны азы», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Валери Травин.
«Аультрабжьытә диагностика аппарат Гагратәи ахәышәтәырҭа ҳамҭас иаиҭеит Саид Лолуа. Уи ахәԥса 2 млн 600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ас еиԥш аҳамҭа ҟазҵаз», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭҽба.
АԤСНИ НИКАРАГУЕИ АШАХМАТҚӘА РФЕДЕРАЦИАҚӘА РЫПРЕЗИДЕНТЦӘА ОНЛАИН-ФОРМАТ АЛА РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022. Аԥсныпресс. Аԥсни Никарагууеи рыбжьара аспорти аҿартә политикеи рзы аусеицура азы 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан инақәыршәаны, абҵарамза 23 рзы онлаин режим ала Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа рзы Афедерациақәа рыпрезидентцәа реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Аԥсуа ган аҟынтәи уи рхы аладырхәит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба, Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба, никарагуантәи – аспорт аминистр Марлос Торреси ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Гуи Хосе Бенданиа Гурреро.
Никарагуантәи иколлегацәа аԥсшәа раҳәо, Мадина Воуба илҳәеит: «Даара гәахәарыла исыдыскылоит иахьатәи ҳаиԥылара. Сгәыӷуеит, ари аҿы ҳшаанымкыло, ашахматқәа рзы еиуеиԥшым атурнирқәа онлаин режим ала еиԥш офлаин-форматқәа рылагьы мҩаԥаҳгалап ҳәа», –иазгәалҭеит Мадина Воуба.
АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА ГАЛ АҚАЛАҚЬ АҾЫ 192 ԤАҬЛЫКА ҚЫРҬТӘЫЛАНТӘИ ИААГОУ АМИНЕРАЛТӘ ӠЫ АМХРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22, 2022 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы акәантрабандеи аҳазылхратә еилагарақәеи рҿагылара азы аусбарҭа аусзуҩцәа аҳазылхратә усбарҭа акәантрабандеи аҳазылхратә еилагарақәеи рҿагылара азы аҟәша «Гал» амаҵурауааи рыцны аоперативтә информациа анагӡараан, Гал ақалақь аҿы уаҩ дахьнымхо ахыбра аԥхьакырҭа уада аҿы ирыԥшааит, амхрагьы мҩаԥыргеит 192 ԥаҭлыка Қырҭтәылантәи иаагаз аминералтә ӡы.
АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ АСИДА ШЬАҞРЫЛ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АЕНЕРГЕТИКА АЗЫ АКОМИССИА АԤҴАРА ИАԤШЬЫЛГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаҩы изинқәа лыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа апрофилтә енергетикатә Комиссиа аԥҵара иаԥшьылгеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иахь инашьҭыз ашәҟәы аҿы ишарбоу ала, «акомисиа ахықәкы хаданы иҟалароуп ҳазҭоу аамҭазы имҩаԥгоу аусмҩаԥгатәқәа уахь иналаҵаны, иааизакны аенергетикатә усхкы аҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетикатә усхкы аҿиара аконцепциа аиқәыршәареи».
АԤСНЫ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ МАКТИНА ЏЬЫНЏЬАЛИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МИХАИЛ ШУРГАЛИНИ ЕИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 23 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу ихадоу ихыдҵақәа иреиуоуп зықәра наӡам Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиԥш, уи анҭыҵгьы рзинқәеи ринтиресқәеи рыхьчара, иара убас Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу зықәра наӡам аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара.
Мактина Џьынџьал Михаил Шургалин зықәсра наӡам Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара аганахьала лара лыхьӡала иаашьҭыз арзаҳалқәа рзы адырра илҭеит.
АԤСНЫ АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АҾЫ АИНВЕСТИЦИАТӘ АЖӘАЛАГАЛАҚӘА РЕИЗАКХЬӠЫНҴА АУС АДУЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аԥшьгарала, Апалата апрезидент Ҭамила Мерцхәлааи ареспублика аекономика Аминистрра аҟны иҟоу Аинвестициатә Маҵзура адиректор Илона Лакербаиеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ҭамила Мерцхәлааи Илона Лакербаиеи атәыла аҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
«Иахьа ҳара афинанстә лагалақәа зҭаху аинвестициатә проектқәа рсиа ахәаԥшразы аҳәара ҟазҵо аусдкылаҩцәа маҷымкәа иҳадҵаалоит. Араҟа шәара шәыцхыраара аҭаххоит. Сара сгәаанагарала, ҳусеицура абизнес азы аидеиақәа рынагӡара азы хра злоу алшарақәа аанартыр алшоит, иара убри ала аусдкылара аҿиара азы аҭагылазаашьақәа акыр иарманшәалоит»,-ҳәа илҳәеит Ҭамила Мерцхәлаа.
Уи иара убас аинвестициақәа рхымԥадатәра атәы еилыркаауеит аусхкқәа зегьы рхаҭарнакцәа ҳәа иазгәалҭеит. Убри аан, иманшәалоу аинвестициатә климат акыр аҳәынҭқарратә процедурақәа ирыдҳәалахоит – анаплакы ашәҟәҭагалара иаго аамҭа аркьаҿреи афымцацәаҳәақәа рымҩаԥгареи раҿакреи инаркны аконкуренциа арҿиареи аргылара азы азин аиуреи рҟынӡа.








