pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 20 – Аԥсны жәлар рартистка, Аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа лира Амш ауп.  Софа Агәмаа атеатр аҿылусура ашықәсқәа ирылагӡаны 70  инареиҳаны арольқәа налыгӡахьан, асахьаркыроу ахаҿқа аԥылҵахьан. Уи дахьыхәмархьоу аспектакльқәа иреиуоуп Уилиам Шекспир ирҿиамҭақәа рыла (апиеса «Отелло» аҿы Емилиа лроль,  апиеса «Король Лир» аҿы Регана лроль), Антон Чехов ирҿиамҭақәа рыла (апиеса «Предложение» аҿы  Наталиа лроль ), Федерико Гарсиа Лорки ирҿиамҭақәа рыла (апиеса «Кроваваиа свадьба» аҿы аҭаца лроль), уҳәа убас ирацәаны ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рыла иқәыргылаз аспектакльқәа лхы алалырхәхьеит.

Ахәаԥшцәа рхаҿы иаанхеит иара убас уи акино аҿы иналыгӡахьоу арольқәагьы. Убас ала, Аԥсны Жәлар рартистка абарҭ афильмқәа рҿы арольқәа зеиӷьаҟам ала иналыгӡахьан: «Время счастливых находок» (акиностудиа Мосфильм, арежиссиор Генрих Габаи, 1969 шықәса), «Белый башлык» (Довженко ихьӡ зхоу акиностудиа, арежиссиор Владимир Савелиев, 1975 шықәса), «У самого Черного моря» (акиностудиа Мосфильм, арежиссеиорцәа Алеқсандр Кузнецов, Оскар Никич, 1975 шықәса), «В ночь на новолуние» (акиностудиа Мосфильм, арежиссиор Иусуп Данииалов).

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳаи  В. Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә техникатә Университет аректор Сергеи Глаголеви атехниктә Университет аиҿкаареи анапхгараҭареи ринститут адиректор  Сергеи Булгакои рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҭрыжьит   2000 екземплиар рҟынӡа инаӡо ахәыҷқәа рзы Аконституциа. Аҳәынҭқарра Азакәан хада ахәыҷқәа ирзыманшәалоу абызшәа ала иҩуп, иԥшӡаны иҭыху аиллиустрациақәа ацуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра.

Ахәыҷқәа рзы Аконституциа аҭыжьра аидеиа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Лиудмила Хоџьашвили лоуп изызцәырҵыз.

«Еиҵагыло абиԥара Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иану заҟа ибзианы ирдырло, заҟа ибзианы ирымоу азинқәа рхархәара иақәшәо акыр иадҳәалоуп уаҵәтәи ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш, ажәлар рҵарадырра аҩаӡара, зегьы иааизакны реизҳазыӷьара. Ахәыҷы иԥсадгьыли иҭаацәеи рахь абзиабара анаҩс Аконституциа ихадоу адырррақәа ирҵазар, усҟан ахшыҩ бзиеи аперспективеи  змоу, иарбанызаалак атәылауаҩратә институтқәа рҿы ҳтәыла ишахәҭоу ала ахаҭарнакра зылшо аҿар рышьақәгыларазы ашьаҭа ӷәӷәа аԥҵара ҳалшоит», -  ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараан аинвестициатә еиҩазаразы азакәан апроект рыдыркылеит.

Азакәан апроект адгалара мҩаԥылгеит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Наҭелла Ломиа.  

Иарбоу азакәан апроект иарбоуп абизнес-проектқәа рынагӡара азы гәыԥҩык аинвесторцәа рԥаратә хархәагақәа зышьаҭала еидкылазар ҟало аинвестициатә еиҩызара азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵареи анагӡареи, иара убас аанкылареи инарымаданы иҷыдоу асубиектқәа рыбжьара ицәырҵуа аизыҟазаашьақәа.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусзуҩцәа хымш  ирҭагӡаны имҩаԥысуаз, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан ахацхраареи ааха зауз ауаа актәи амедицинатә аҳақьымнӡатәи ацхыраара рыҭареи рзы адыррақәа раиура иазкыз акурсқәа ирхысит.   Уи амҩаԥгаҩыс дыҟан Аҟәа ақалақьтә аклиникатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәша аиҳабы Алхас Џьынџьал.

Акурс аҳәаақәа ирҭагӡаны, азыӡырҩцәа ирызнаган иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан актәи амедицинатә цхыраара иаҵанакуа аусмҩаԥгатәқәа рзы адыррақәа. Ухала ухы ушацхрааша, мамзаргьы ааха зауз ауаҩы иҭагылазаашьа ахьынӡауадаҩу аилкаареи актәи амедицинатә аҳақьымнӡатәи ацхыраара иҭареи шынагӡатәу азы адыррақәа роуан акурс иахысуаз зегьы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза  12 – 16 рзы Нхыҵ-Каказтәи Афедералтә Университет алекторцәа  аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы «Аурыс бызшәеи алитературеи рызнагара иацу актуалра злоу апроблемақәа» ҳәа хыс измоу  алекциақәа ркурс иаԥхьон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра апресс-аҵзура.  Акурсқәа Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахеит.

Апрограмма ахықәкы хаданы иҟалеит Аԥсны абжьаратәи ашколқәа рҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы ақәҵара рыдыркылеит.  

Азакәан апроект атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны рыҟазаара аҭыԥ ашьақәыргылареи аҳасабыркреи рхымԥадатәра иазырхоуп, иара убас аминистрцәа Реилазаара атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны рыҟазаара аҭыԥ ашьақәыргылареи иахьынхо аҭыԥ ала рышәҟҭагалареи рзы азинмчы аҭареи иазырхоуп.

Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аусура амҩаԥгара азы атәымтәылауаҩ, мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿы, иҟоу аԥҟарақәа рыла иҭоу аусуразы азин азы аршаҳаҭгақәа имазар ахәҭоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, асценограф, аҟазадырҩы, асахьаркыратә критик ду Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи  155-шықәса аҵра иазкны ацәыргақәҵәа мҩаԥысит.

Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа аартуа, Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе ибзоураны аԥсуа жәлар адунеитә культура иахәҭакны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«Уи иҟазара хкы рцәала еилоу зымҽхак ҭбаау цәырҵроуп. Даара инасыԥ дууп ҳажәлар рзы ас еиԥш иналукааша асахьаҭыхыҩ дахьрылиааз, насгьы уи иусумҭақәа ҳаамҭа аҟынӡа еиқәырханы иахьааз, ҳара урҭ ҳрыхәаԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьҳамоу,» - ҳәа илҳәеит Ельвира Арсалиа.

Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп 80 инареиҳаны асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа – асахьаҭыхыҩ петербургтәи иԥсҭазаара иалагӡаны, Александриатәии Мариинтәи атеатрқәа рҿы аус аниуаз иаԥҵаз акостиумқәа рескизқәеи адекорациақәеи.

Аекспозициа аҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит аусумҭа «Автопортрет». Уи азы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе Франциа асахьаҭыхыҩцәа рмилаҭтә еилазаара ахь дрыдыркылеит.

Хықәкыла аусмҩаԥгатә алахәхаразы Аԥсныҟа дааит Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе имоҭа лыԥҳа  Татиана Заицева.

«Санкт-Петербург сыҟаны Аԥснынтәи исоуа аԥхарра сара сзы есымша акырӡа аанагон. Сара излауа ала ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа зегьы рылахәхара сҽазысшәоит. Ибзиан, ацәыргақәҵа иаҭаауа доусы ихазы хадара злоу иҿыцу, аинтерес зҵоу ак ибар», - ҳәа илҳәеит лара.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны иацҵаны имҩаԥысуан ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 13 рзы иарбаз амш азҵаара инақәыршәаны Лаша Ашәба хантәаҩра ззиуаз асессиа аилатәара.

Ирыхәаԥшын иагьрыдкылан аҵыхәтәантәи аԥхьараан Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа: 

  1. «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы 2015 ш. мшаԥымза 14 аҟн. Аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәаразы» Азакәан.
  2. «Урыстәылатәи Афедерациа ахарџь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа ихадароу ркатегориақәа агәабзиарахьчара, аҵараиура, акультура, аспорт, атәылауаа рсоциалтә маҵзура аусхк аҟны афинансеицзоужьра аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаразы 2015 шықәса мшаԥымза 14 аҟнытә Аԥкаанҵа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорт, ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара, уҳәа аусхкқәа рыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра Урыстәылатәи Афедерациа аԥаратә хархәагақәа рыла аицфинанстәра аҭагылазаашьақәеи аԥҟарақәеи рзы» мшаԥымза 14, 2015 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы Аԥкаанҵа» аратификациа азыруит.   

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥылгеит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак Наҭелла Ломиа.

Аԥкаанҵа Аиқәшаҳаҭра аиҭкрақәак алагалара азԥхьагәанаҭоит. Убас ала:

  • Аиқәшаҳаҭра азинмчы 2025 шықәсанӡа ацҵара;
  • Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аулафахәы ашәара аицыфинансыркра азы Урыстәылатәи Афедерациа иазоунажьуа афинанстә хархәагақәа реицҵалыҵ аиҭакрақәа ралагалара;
  • Аицыфинансркра азы инацҵаны аҭагылазаашьа ашьақәырӷәӷәара: усзуҩык аамҭак ала иааникыло мызктәи азыԥҵәа 1,5 аштаттә акқәа иреиҳамзароуп,
  • иазоужьхо афинанстә хархәагақәа рхархәара аҳасабыркра иҿыцу аформа ашьақәыргылара, Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхреи уи аицыфинансркра аҭагылазаашьақәа зегьы рынагӡара.

«Аԥкаанҵа  иалагалаӡам Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иаҿагыло аԥҟарақәа, иара убас Аԥкаанҵа ақәныҟәара азы аҳәынҭқарраҩныҵҟатәи азиншәҟәқәа рҭыжьра аҭахны иҟам», - ҳәа иазгәалҭеит Наҭелла Ломиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.