Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа ахада иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба иусурагьы азгәеиҭеит. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи аԥсуа диаспореи рыҽрымидоит, ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа акәзар, уаҟа имҩаԥган аусзуҩцәа раттестациа, акадртә ӡбамҭақәа ԥшьба рыдыркылеит.
«Ҳара иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы аттестациатә комиссиа аԥаҳҵеит, уи ацҳаражәҳәарҭақәа зегьы рҿы аусура мҩаԥнагеит. Уаҟа, Москва даара апроблемақәа рацәаны иҟан, аха урҭ уажәы зегьы ираҳауа алацәажәара сҭахым, уи етикала ииашахарым ҳәа сгәы иаанагоит. Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы акадртә ӡбамҭақәа рыдыркылеит, руак аганахьала ҳколлега ӷәӷәала ареакциа аалырԥшит», - ҳәа иҳәеит аминистр.
Инал Арӡынба иажәақәа рыла, Татиана Гьаргь-иԥҳа Гәлиа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы акультуратә хырхарҭа ала аусура лыдгалан, ларгьы уи дақәшаҳаҭхеит.
«Сара снапы аҵазҩит аминистр ихьӡала аџьшьаратә шәҟәы, уи уажәгьы сусуратә уадаҿы ишьҭоуп. Мызки бжаки рышьҭахь Татиана Гьаргь-иԥҳа зегьы иааџьаҳшьаратәы еиԥш атекст лкьыԥхьит. Аха ҳара илыдаагалаз азинмчы шамац иаанхоит. Уи лааԥсарақәа дырны, ҳара илыдаагалоит акультура ахырхарҭала аусура. Уаанӡа Татиана Гьаргь-иԥҳа аус ахьылуаз ахырхарҭа ала шьаҭанкыла аиҭакрақәа ҟаҵатәхоит. Иаагозар, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи егьырҭ Ацҳаражәҳәарҭеи ирыбжьоу аинформациатә активра еиҿурԥшыр, шәара еилышәкаауеит исҳәарц исҭаху. Москва — ари зегьы реиҳа аконтатқәа ахьҳамоу, зегьы реиҳа аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥааго ҭыԥуп, убри аҟнытә еиҳа активла аусура аҭахуп», - ҳәа иҳәеит аминистр.
Инал Арӡынба иара убас ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа рротациа амеханизм азԥхьагәазҭо «Адипломатиатә маҵзура азы» азакәан апроект ҿыц атема дазааҭгылеит.
«Ацҳаражәҳәарҭа аҿы жәоухә-шықәса инеиԥынкыланы аусура ииашаны иҟам, уаҟа аротациа аҭахуп. Азакәан апроект аминистрцәа Реилазаара аҿы ақәыршаҳаҭра иахысуеит, анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада ила азакәанԥҵаратә инициатива аҳасабала Апарламент ахь идәықәҵахоит», – ҳәа алкаа ҟаиҵеит аминистр.
Иара игәаанагарала ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҭыԥ аҿы жәа-шықәса инареиҳаны дҟамлароуп.
Ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа рыда аусзуҩцәа зегьы рзы иалагалахоит есышықәса аконтрат ацҵара асистема. Ацҳаражәҳәарҭа дарбанызаалак аусзуҩ адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь есԥшьбарак азы инаигӡаз аусура аҳасабырба ааишҭлар акәхоит. Ашықәс анҵәамҭазы, урҭ ҭҵааны, ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ иусура аеффективра ахәшьара аҭаны, аконтракт ацҵара, мамзаргьы аанкылара азы аӡбамҭа адкылазар ҟалоит.