АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2023

КЬАЛАШӘЫРТӘИ АЦҲА ИНАРКНЫ АГӘЫӠЕРА АҲАБЛА АҞЫНӠА ИНАГОУ АИХАМҨА ИАНЫЛАЗ АГӘАМСАМ АҞЫНТӘИ АРЫЦҚЬАРАТӘ УСУРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадара Кьалашәыртәи ацҳа инаркны Агәыӡера аҳабла аҟынӡа аихамҩа ианылаз агәамам аҟынтәи арыцқьаразы абригада еиҿнакааит.

Аԥсны Аихамҩа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аихамҩа акәша-мыкәша иахысыз ажәырҭи ианылаз агәамсами рҟынтәи арыцқьара напыла мацарала ауп ишымҩаԥысуа. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас ҵыԥх ишыҟаҵаз еиԥш, аҳаскьын бааԥс мгыларц азы ахимиатә маҭәашьарқәа рхархәарагьы.

Мызкы аҵыхәала абригада Кьалашәыртәи ацҳа аҟынтәи Агәыӡера аҳабланӡа иара аихамҩа арыцқьара иадҳәалоу аусурақәа хдыркәшахеит. 

Аихамҩа аусзуҩцәа «Маҷара» аплатформеи аӡиас Кьалашәыр иху ацҳаи, иара убас ацҳа хәыҷқәеи рҭеиҭыԥш дырҽеит. Аихамҩа ианаҳалар зылшоз иуашәшәыраз аҵлақәа хырҵәеит, џьара-џьара аҵлақәа реилыхра мҩаԥыргеит. Аихамҩатә станциа «Кьалашәыр», иара убас аихамҩатә платформа «Маҷара» рҿы еизаны иҟан ирацәаны абзазаратә гәамсам.  Аҭыԥантәи ауааԥсыра урҭ агәамсамкаԥсарҭаны иҟарҵеит. Гәылрыԥшь араион Ахадара ацхыраарала арҭ агәамсамкаԥсарҭақәа ықәыргеит, ауааԥсырагьы аринахыс рхымҩаԥгашьазы ирацәажәеит.


Read 223 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.