АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2023

АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА АԤСНЫ ИҚӘЫНХО АҲӘСА ЗЕГЬЫ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШ – ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеитАԥсны Жәлар Реизара — Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәыблыла ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш! 

Иахьа аҳәса аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа зегьы рыҟны аҭыԥ ҷыда ааныркылоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп аамҭақәа зегьы раан шәара

Аԥсадгьыли аҭаацәареи рыхьӡала арӷьажәҩаны шәахьҳадгылоу, аџьаус аҟнеиԥш, иуадаҩу аибашьра ашықәсқәа рызгьы.  Аԥҳәыс илыллыршо рацәоуп, аха убри аангьы илыгӡам ахаареи агәыкреи, аҟәыӷареи ачҳареи, қәҿиарала иналыгӡоит лнапы злаку аусқәа. Шәара – ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа ишәыбзоураны ҳаҩнаҭақәа рыҟны аҳра руеит есқьынгьы аԥхарра, аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара.

Гәык-ԥсык ала ари амш рыдныҳәало, Аԥснынтәи гәырӷьа жәабжьны ирылаҩырц ҳҭахуп ааԥын ныҳәа ссир ҳаԥсадгьыл анҭыҵ иҟоу ҳџьынџьуаагьы! Ирзеиӷьаҳшьоит зегьы агәабзиара, анасыԥ, ахирра! Ҩнаҭацыԥхьаӡа иагымзааит ажәабжь бзиа, иҟазааит аизҳара, агәыхәтәыхьӡара.

Ҽаанбзиала шәнеилааит акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳандуцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа, ҳколлегацәа!

 

 


Read 211 times - Аԥшьаша, 09 Хәажәкыр 2023 15:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.