АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2023

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АҲӘСА ХӘАЖӘКЫРА 8 АМШНЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҳәса Хәажәкыра 8 амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аҳәса! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Хәажәкырамза 8 амшныҳәа!

Шәара ҳаԥсҭазаара агәыҳалалреи агәцаракреи рыла игәылҭәааны иҟашәҵоит, аҭаацәаратә хәышҭаара аԥхарра еиҵышәхуеит, уаҵәы еиҵагылаша абиԥарақәа еиҵашәааӡоит, уи иаанаго Аԥсны аԥеиԥшгьы шәнапаҿы иҟоуп.

Ԥсабарала ишәылоуп амч-алша ҷыда, ачҳара. Аԥҳәыс атәыла асоциалтә, аекономикатә, акультуратә ԥсҭазаара аҿы иналыгӡо ароь ахә ашьара уадаҩуп.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьреи иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭеи рзы шәара иаашәырԥшыз агәамч, агәаӷьра, ачҳара иааџьаушьаратәы иҟоуп, уи жәаҳәарада  ҳазгәдууп.

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәыгәрагареи шәеилкаареи иҟашәҵо адгылареи рзы.

Ҳаҭыр зқәу аҳәса, ишәыдышәкыл гәыкалатәи адныҳәаларақәа, азеиӷьашьарақәа! Илашааит дасу шәыҩнра, ишәыгымхааит аилибакаара, дасу шәнапы злаку аус аҿы аманшәаларақәа шәзыԥшызааит! Шәџьабаақәа бзабаахааит!»    

 


Read 224 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.