АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2023

МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗАКӘАНМЧЫ ЗМОУ РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мариа Львова-Беловеи реиԥылара.  

Мактина Џьынџьал Марииа Львова-Белова инарҭбааны илзеиҭелҳәеит напхгара зылҭо Аппарат аусура атәы, Аԥсны иқәынхо зықәра наӡам рзакәантә интересқәа рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи амеханизмқәа, иара убас ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2023-шықәсазы аусура хадара злоу ахырхарҭақәеи дрылацәажәеит.

 Аиԥылара аҿы зықәра наӡам Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Аԥсны иахьаҵанакуа рзинқәа реилагара иадҳәалоу ахҭысқәа ирыхәаԥшит, иара убас урҭ рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи рзы мҩақәас иалхтәу иалацәажәеит.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит. Урҭ иреиуоуп:

Зықәра наӡам рзы асоциал-реабилитациатә Центр аартра. Убас, Мариа Львова-Белова лҟынтәи аусзуҩцәа разыҟаҵара, аметодологиатә материалқәеи анорма-зинтә базеи реиқәыршәара, уҳәа рганахьала ацхыраара адгалара ҟаҵан.  

Иҟоу Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа Амеморандум знапы аҵазҩыз аҳәынҭқаррақәа ртерриториақәа рҿы зықәра наӡам рзинқәа реилагара иадҳәалоу хазы игоу ахҭысқәа ирыхәаԥшло аконсультатив-еилацәажәаратә усуратә гәыԥ аԥҵара азы еиқәшаҳаҭхеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара аусхкы аҿы еиҳа иазыманшәалоу аӡбамҭақәа реиқәыршәареи рыдкылареи.

Зықәра наӡам «ашәарҭара зцу онлаин ресурсқәа» ралагалара аԥхьырҟәҟәаара атема ала Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аҵара Аминистрреи рыбжьара онлаин-конференциа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.  

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу Иаппарат аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра Урыстәылатәи Афедерациа аҟны ашьҭыхра иадҳәалоу азҵаара иалацәажәеит.

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу Иаппарат аусзуҩцәа Аганқәа рыбжьара хыхь иарбоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара иазырханы иахәҭоу аофициалтә шәҟәқәеи ааԥхьарақәеи реиқәыршәара уажәнатә активла иалагахьеит.

Аҩганк зықәра наӡам Аԥсни Урыстәылеи  ртәылауаа рзакәантә интересқәа рыхьчара иазкны хра злоу аусеицура иазхиоуп.

 

 

 


Read 213 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.