АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШ АҼНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Акыр иаԥсоу ҳаҳәшьцәа, ҳанацәа!

 

Азин сышәҭозар, ишәыдысныҳәалоит Аҳәса рымш ныҳәа! Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсны аҭыԥҳацәа хьӡырҳәагақәа, анацәа, ҳазлаҟоу аасҭа ҳаиӷьны, насыԥ ҳаманы ҳҟазҵо.

Аԥсны аҭоурых аҟны ахаангьы ҳаҭырқәҵарала илзыҟан аԥсҭазаара ганрацәала аҽалархәра зылшоз аԥҳәыс. Ҳара анацәа ранацәа – Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа ашәышықәсақәа ирылганы иаазго Нарҭтәи аепос, аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьа ҳаракы ныҟәызгоз Сариа Лакоба лхымҩаԥгашьа ҿырԥшы бзианы иҳамоуп. Насыԥ змоу ҳауп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳазҭагылоу аамҭазгьы абзиабара, анра, ахамеигӡара, аамысҭашәара ирҿырԥшыгоу аҭыԥҳацәа ссирқәа ахьҳалагылоу.

Аԥҳәыс лыда иуадаҩуп аҭынч ԥсҭазаара ахьыҟоу, иҿиоу иахьатәи аԥсуа уаажәларра аргылара. Шәара шәоуп аԥсҭазаара зырҿио, зегьы ҳаиҵазааӡо, аҵара ҳзырҵо, ҳазхәышәтәуа. Шәара аҭҵаарадырра, аҟазара, акультура, абизнес шәырҿиоит. Шәара шәыда ухаҿы иузаагом аҳәынҭқарра напхгараҭара аҭыԥантәии ихадоуи аусбарҭа русура. Имыцхәхаӡом, ҳажәлар ркультуреи рҵаси шьаҭас ирымоу аиқәырхара зыбзоуроу шәара шәоуп ҳҳәар.

Акыр иаԥсоу анацәа, андуцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа!

Абри ааԥын ныҳәа амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит анасыԥ, аилибакаара, ахирра ҭаацәацыԥхьаӡа, аихьӡарақәа дасу шәнапы злаку аусқәа рыҟны!

Ҽаанбзиала шәнеиааит зегьы! 

 


Read 220 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.