АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Хәажәкыр.2023

АҞӘА МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРААН ИҬАХАЗ ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра Марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Ашьыжь, хәажәкырамза 16 рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-93шш), Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥысыз марттәи ажәылараҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз ацеремониа мҩаԥысит.

Уи иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра, аӡбаратә уаажәларра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра.

 

 Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра азы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара аҿы иҭахеит 222 –ҩык аԥсуа ар аибашьцәа, шәҩыла еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.  


Read 250 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.