АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Хәажәкыр.2023

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 21 РЗЫ ЛУСУРАТӘ ЗИНМЧЫ АҼҲӘАРА НҴӘОИТ АԤСНЫ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ АСИДА ШЬАҞРЫЛ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 21 азы лусуратә  зинмчы аҽҳәара нҵәоит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл.

Жәлар Реизара-Апарламент хәы-шықәса аусуратә ҽҳәара иманы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу ҿыц иалхра мҩаԥнагароуп.

Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵурахьы  акандидатура адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 1/3  иреиҵамкәа рыла иқәыргылазар ҟалоит, мамзагьы апарламенттә комитет ала.

Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ дахагылар алшоит 35-шықәса иреиҵам, убри аан 65-шықәса иреиҳамкәа зхыҵуа,  Аԥсны атәылауаҩ, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иреиҳаӡоу аҵарадырра змоу, иара убас ауаҩы, атәылауаҩы рзинқәеи рхақәиҭреи  рыхьчара рганахьла аԥышәа змоу.  

 «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу изы» Азакәан ахәҭаҷ 4 инақәыршәаны,  аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә комитет Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ ахь зыдгалара мҩаԥгаз Гәында Џьениа, Анас Кьышьмариа, Диана Керселиан, ркандидатарақәа ирыхәаԥшит.    Аилацәажәара ашьҭахь акомитет аомбудсмен иалхра азҵаара иааиуа асессиа аилатәара аҿы абжьыҭира ахь ацәыргаразы аӡбамҭа аднакылеит...

 

 


Read 236 times - Аԥшьаша, 16 Хәажәкыр 2023 18:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.