АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Хәажәкыр.2023

АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АИЛАЗААРА АХЬ ИАЛХУП 11-ҨЫК АРАИОНҚӘЕИ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ РХАҬАРНАКЦӘА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, хәажәкырамза 10, 2023 шықәса рзы, «Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы»  Азакәан ахәҭаҷ 8, апункт  5 инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ила ишьақәырӷәӷәаз Ауаажәларратә Палата алахәылацәа, аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалырхит  аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа.  Убас Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь иалхуп:

Алхас Гәыргәылиа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);

Лана Цаа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);

Дауҭ Агрба  (Гагра араионтә Еизара);

Дона Малиа (Пицунда ақалақьтә Еизара);

Ахра Агрба (Гәдоуҭа араионтә Еизара);

Витали Смыр (Афон Ҿыц ақалақьтә Еизара);

Леуан Чхьеиӡе (Аҟәа араионтә Еизара);

Кочу Маҳмеҭ Хакан (Гәылрыԥшь араионтә Еизара);

Беслан Перцхьелиа (Очамчыра араионтә Еизара);

Омар Џьынџьал (Ҭҟәарчал араионтә Еизара);

Ҭенгиз  Инал-иԥа  (Гал  араионтә Еизара)..

Ауаажәларратә Палата шьақәгылоит Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәирӷәӷәаз 13-ҩык Аԥсны атәылауааи 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи рыла; 11-ҩык Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи рхаҭарнакцәа.

Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәара амш инаркны 10-мыш ирылагӡаны аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь рыдкылара азы аӡбамҭа рыдыркылоит.

Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь ирыдыркылаз 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа рыцны 10-мыш ирылагӡаны аполитикатә партиақәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи 11-ҩык рхаҭарнакцәа Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь рыдкылара азы аӡбамҭа рыдыркылоит.


Read 303 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.