АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Хәажәкыр.2023

АРАИОНҚӘЕИ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ РХАДАЦӘА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИҾАԤХЬА ЕСЫМЗА РУСУРА АҲАСАБЫРБА ҞАРҴАЛОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи ахылаԥшреи афинанс-нхамҩатә усура азы аҳасабырбареи ирызкын Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала араионқәеи ақалақьқәи рхадацәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аилатәара аҿы иара убас ирылацәажәеит ӡыла аиқәыршәара, амҩатә инфраструктура, аԥсабаратә цәырҵра бааԥсқәа рҿагылара, ашәатәқәеи ашәахтәқәеи аизгақәеи реизгара адинамика, атуристтә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара, уҳәа атемақәа жәпакы.  

Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ишьҭыхыз азҵаарақәа зегьы рыла аҭыԥқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада араионтәии ақалақьтәии Ахадарақәа рнапхгаҩцәа инагӡоу еиԥш макьаназы инагӡамкәа иаанханы иҟоугьы уахь иналаҵаны,   аусуратә процессқәа зегьы иахәҭоу ахылаԥшра арҭаларц, иара убас есымза русура азы аҳасабырба ҟарҵаларц азы адҵа ҟаиҵеит.

Раԥхьаӡатәи аҳаабырба аҟаҵара мшаԥымза аҩбатәи азбжа азы иазԥхьагәаҭоуп.


Read 235 times - Ахәаша, 10 Хәажәкыр 2023 14:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.