АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Хәажәкыр.2023

АҴӘАХЫРҬАТӘ БАНК ХӘАЖӘКЫРАМЗАЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТӘАНЧАХӘҚӘА РШӘАРА АГРАФИК ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк урыстәылатәи атәанчахәы зауа Аԥсны атәылауаа хәажәкырамзазы ртәанчахәқәа рызшәара аграфик шьақәнарӷәӷәеит.

Атәанчахәы ахыԥхьаӡалахоит 3 етапк рыла:

Хәажәкырамза 16 рзы – 1 - тәи агәыԥ иаҵанакуа (иарбоу ашықәс уахь иналаҵаны) 1950  шықәса рҟынӡа ииаз);

Хәажәкырамза 21 рзы – 2-тәи агәыԥ иаҵанакуа (иарбоу ашықәсқәа уахь иналаҵаны) 1951- 1956 шш. рзы ииз); 

Хәажәкырамза 27 рзы – 3 - тәи агәыԥ иаҵанакуа (1957 шықәса рзы ииаз индыркны).

Урыстәылатәи Афедерациа атәанчахәқәа  атәанчаҩы ашәҟәы дахьҭагалоуи фактла дахьынхо аҭыԥи ирыдҳәаламкәа ареспублика иахьаҵанакуа аус зуа Аҵәахырҭатә Банк аҟәшақәа зегьы рҿы рыҭара мҩаԥысуеит.  


Read 215 times - Ахәаша, 10 Хәажәкыр 2023 13:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.