АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Хәажәкыр.2023

АЛАДАТӘИ ЕШЫРА АҚЫҬАН МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРА 30- ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКНЫ АГӘАЛАШӘАРАТӘ АКЦИА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара 30-шықәса ахыҵра амш аҽны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы агәалашәаратә акциа мҩаԥнагеит.

Аҿари Марттәи ажәылара иалахәыз аибашьра аветеранцәеи Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Анаҩс акциа иалахәыз Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал аҟынӡа шьапыла амҩа иқәлеит. Уаҟа урҭ Ахада иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа игәалашәарақәа еизаз ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Афырхаҵа, Аҟәатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Сергеи Матосиан.

«Иахьа  – хәажәкырамза 16 ауп. Ари амш аҽны, В  этот день, 30 шықәса раԥхьа иахьа ҳахьгылоу атерриториа аамҭала аӷа инапаҿы иҟан, ҳара уи аҭарцәра азы аӡиас ҳарны ажәылара мҩаԥаагеит.

Сара исҳәарц исҭаху, ҳара аибашьышьа ҳҵон усҟан, избан акәзар ус еиԥш аԥышәа ҳамамызт, рыцҳарас иҟалаз аибашьышьа рҵоит, аха убри аан аӡәырҩы ҭахоит. Даара ирацәаҩны рыԥсҭазаара ақәырҵеит ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи. Сара исҭахуп ишәхашәмышҭырц шәара ишәықәлаз рфырхаҵара»,  –  ҳәа агәалашәаратә акциа иалахәыз аҿар рахь ихы рханы иҳәеит Сергеи Матосиан.  –  Аиааира иаразнак ала иҟалаз усӡам. Хәажәкырамзазы иҳақәмҿиазаргьы, ҳара зегьы есааира ҳарратә ԥышәа азҳауан,  убас цәыббрамза 30 рзы аӷа инагӡаны ииааирагьы ҳалшеит».

«Аҟәатәи абаталион марттәи ажәылара ашьҭахь ауп ианаԥҵаха.  Ҳарԥарцәа, жәаҳәарада уи аԥхьагьы еиуеиԥшым арратә операциақәа ирылахәхахьан  - ажьырныҳәамза 5, хәажәкыра мза 16 рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа.  Хаҭала сара сыԥсы ҭанаҵы исхашҭраны сыҟам аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы, зынӡа иқәыԥшӡаз,  17 шықәса раҟара акәын ихыҵуаз уи аҷкәын, Ешырантәи Аҟәа ақалақь аганахьала дшыԥшуаз. Сара сиазҵааит: «Дад, сыҷкәын, иҟоуҵои ара? Умцои уҩныҟа». Иара даасҿаԥшын: «Сара сыҩны уахь ауп иахьыҟоу» ҳәа Аҟәа аганахь инапы рханы иҳәеит. Аҷкәынцәа зегьы иҭахазгьы зыԥсы еиқәхазгьы, ҳара зегьы ҳаҩныҟа ҳцон. Аҩнынӡа, аиҳарак ҳара аҟәаа ҳзы, Гәдоуҭантәи, Шәачантәи, мамзаргьы Москвантәи аасҭа Гәмсҭантәи еиҳа иааигәан.  Зегьы ирыцку – ҳажәлар ирхыргаз агәаҟреи ироуз ацәыӡи ртәы. Иаҳгәалашәозар ауп заҟаҩы рыԥсҭазаара ахҭну иахьатәи ҳхьыԥшымреи ҳхақәиҭреи. Акызаҵәык ԥыжәарас ирымоу урҭ ҳҿаԥхьа, ҳара ҳашықәсқәа цацыԥхьаӡа хәыҷы-хәыҷла ҳажәуеит, дара ҳгәалашәараҿы иқәыԥшны ишыҟаз еиԥшҵәҟьа иаанхоит», –  ҳәа иҳәеит аибашьра аветеран, Леон иуорден занашьоу Роман Ӷәынџьиа. сказал  ветеран войны, кавалер ордена Леона  Роман Гвинджия. .   

 

 


Read 246 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.