pressadmin-2
Нальчик иаадыртит Урыстәылеи Аԥсни еицымҩаԥырго аҿар рфорум
Аартра мҩаԥысит аныҳәатә гәалаҟазаара ацны, амилаҭтә ҟазшьа аманы, игәылҭәаан аусутә программа, ахәылԥазы ашәаҳәареи акәашареи рыла ишьақәгылаз аконцерт дырбан.
Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан иҟоу Ацқьа Гьаргь иныхабаа аԥшьара мҩаԥысит
Лаҵарамза 5 рзы, еиҭашьақәыргылаз XI ашәышықәсазтәи ауахәама аԥшьареи ахәылԥазтәи анцәаимҵаныҳәареи мҩаԥган, уи дахагылеит ахылаԥшҩы – аиереи Далмат Гоԥиа аиереи Никита Адлеиба аԥшьара ицымҩаԥигеит.
Лаҵарамза 6 рзы, Ацқьа Гьаргь игәалашәара амш аҽны ауахәамаҿы имҩаԥысит аныҳәатә џьартә ныҟәара зцыз иԥшьоу алитургиа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Аҩӡба Алиас Витали-иԥа атәыла ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп
Аҩӡба Алиас Витали-иԥа диит нанҳәамза 22, 1985 шықәсазы.
2001-2005 шш. - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҿы «Актиортә ҟазара» азанааҭ ала аҵара иҵон.
2005-2006 шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рҿы аррамаҵзура дахысун.
2006-2007 шш. – Краснодар ақалақь аҿы ИАЕ «СЭНЕМИ» аспециалист хадас дыҟан.
2006-2008 шш. – аусутә центр «Феникс» адиректорс дыҟан.
2008 -2014 шш. – ауаажәларратә еилакы «Аԥсны аҿар» ахантәаҩыс дыҟан.
2009-2014 шш. – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу академиаҿы «Аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усбарҭа» азанааҭ ала аҵара аҵара иҵон.
2014-2015 шш. – Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
2015-2017 шш. – Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан.
2014-2022 шш. - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр дактиорын.
2022 ш.инаркны Аинтернационалтә бригада «Пиатнашка» даланы Иҷыдоу арратә операциа далахәуп, 1-тәи абаталион дакомандируп.
2023 ш. инаркны ауаажәларратә лагалақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр иабжьгаҩыс дыҟоуп.
Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.
Аҟәа, С.У. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы Аԥснытәи анапҟазацәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ ацәыргақәҵа-аҭира аатит
Аԥснытәи анапҟазацәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ ацәыргақәҵа-аҭира аартызаауеит лаҵараиза 5 инаркны жьҭаарамза акынӡа.
Абокс азы аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгара хыркәшахеит Гәдоуҭа
Аизгақәа еиҿкаан СССР аспорт азҟаза, Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Леон иорден занашьоу Роман Чрыгбаиа игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи атурнир аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Урҭ рхы аладырхәит 25-ҩык аспортсменцәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон абаҩрҵәыреи атехника-тактикатә ҽазыҟаҵареи.
Роман Чрыгбаиа игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥгахоит лаҵарамза 6-9 рзы Гәдоуҭа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Маиа Цыбулевскаиа Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп
Цыбулевскаиа Маиа Уасил-иԥҳа диит 1985 шықәса ԥхынгәымза 16 рзы.
2002 ш. далгеит А.П. Чехова ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 14.
2002 – 2007 шш - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет аҿы «абиологиа»азанааҭ ала аҵара лҵон;
2013 – 2015 шш.- Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет амагистратурааҿы «аекологиа» ахырхарҭала аҵара лҵон;
2006-2009 шш. – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 4 аҿы абиологиеи ахимиеи рырҵаҩыс аус луан;
2009 шықәса инаркны иахьанӡа-Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет аҿы рҵаҩы еиҳабыс аус луеит;
2013-2021 шш. – А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 2 аҿы абиолога арҵаҩыс аус луан;
2012 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа аинститут агидробиологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩс дыҟоуп;
2025 ш.инаркны иахьанӡа – Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥш бжьаратәии азанааҭтәии ҵара аусбарҭа аиҳабыс дыҟоуп.
Дҭаацәароуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп
Атәыла ахада идҵала Беслан Џьопуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩыс дҟаҵоуп.
Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала Беслан Ԥерцхьелиа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрс дҟаҵоуп.
Ԥерцхьелиа Беслан Дмитри-иԥа диит рашәарамза 22, 1975 шықәсазы;
1999 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет далгеит «Абиологиа» азанааҭ ала;
1999-2005 шш. - Очамчыратәи абнатә нхамҩа ахылаԥшҩыс дыҟан;
2001-2004 шш. - Очамчыра араионтә еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
2005-2007 шш. - Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
2010 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агро-нџьныртә факультет далгеит.
2013-2014 шш. - Ареспублика унитартә наплакы «Ахш зауад» адиректор ихаҭыԥуаҩ дыҟан;
2023 ш. инаркны иахьанӡа-Аԥсны Ауаажәларратә палата далахәылоуп;
Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрс дҟаҵоуп Кама Аӡынба
Аӡынба Кама Гарри-ԥҳа диит ԥхынҷкәынмза 2 1982 шықәсазы, Аҟәа ақалақь аҿы;
2000 шықәсазы Ленинградтәи аҳәынҭқарратә областтә университет азиндырратә факультет дҭалеит, актәи акурс даналга ашьҭахь диасит О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә зиндырратә академиахь, далгеит 2005 шықәсазы;
2007 шықәсазы дҭалоит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Адипломатиатә академиа аспирантура «Жәларбжьаратәи азин. Европатәи азин» азанааҭ ала;
2006-2007 шш. - аиҿкаара «Москватәи ақалақьтә ӡыргара» аҿы дзиндырҩын
(ақ. Москва);
2008 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи ркафедраҿы рҵаҩыс аус луеит;
2017 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс аус луеит;
2020 - 2025 шш. - Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ дыҟан;
2025 ш. жьҭаарамза 13 инаркны иахьанӡа Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр инапынҵақәа налыгӡоит.
Дҭаацәароуп, хҩык ахшара лымоуп.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Едуард Быҭәба Аԥсны аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп
Атәыла Ахада иусԥҟала агәабзиарахьчара аминистрс дҟаҵоуп Асҭамыр Гәниа
Гәниа Асҭамыр Қарбеи-иԥа диит 1976 шықәса жьҭаарамза 26 рзы;
1993 шықәсазы далгеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 1;
1993-1999 шш – Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет аҿы «Ахәышәтәратә ус» азанааҭ ала аҵара иҵон;
1999-2000 шш. - Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы «Азеиԥш хирургиа»азанааҭ ала аинтернатура дахысуан;
2000-2004 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәшаҿы аус иуан;
2004-2006 шш - Ставропольтәи амедицинатә академиаҿы аординатура дҭан;
2006-2014 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аурологиатә ҟәшаҿы аҳақьым-урологс аус иуан;
2014-2020 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аурологиатә ҟәша аиҳабыс дыҟан;
2020-2022 шш – Аҟәатәи ақалақьтә инфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа наигӡон;
2022 шықәса инаркны иахьанӡа - Аҟәатәи ақалақьтә инфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас дыҟоуп;
Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, «Ахьӡ-Аԥша» аорден 3 аҩаӡара ианашьоуп;
Дҭаацәароуп, ԥшьҩык ахшара драбуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Владимир Ануа Аԥсны аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп
Атәыла Ахада иусԥҟала атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп Беслан Ҵәыџьба.
Ҵәыџьба Беслан Андреи-иԥа диит 1970 шықәса хәажәкырамза 30 рзы;
1988 ш. инаркны 1990 шықәсанӡа Приволжтәи-Уралтәи арратә округ аҿы аррамаҵура дахысуан;
1990 шықәсазы дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет;
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп «Леон» иорден;
1993 шықәса инаркны 1994 шықәсанӡа-Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟны аибашьратә зыҟаҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
1998 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит, «Аҭоурых» азанааҭ ала;
2008 ш. Аԥсны Арбџьармчқәа Рзеиԥшарратә академиа далгеит;
2008 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа-Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада Аԥшыхәратә усбарҭа анапхгаҩыс дыҟан;
2010 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
2011 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыштаб Хада Академиаҿы аҵара иҵон;
Арратә хьӡы: аинрал-полковник;
Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.








