pressadmin-2
Ареспубликатә школтә аолимпиадаҿы аиааира ргеит 242-ҩык аҵаҩцәа
Ареспубликатә маҭәартә школтә олимпиадаҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит И. Воронова ихьӡ зху абжьаратә школ № 3 аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кавказтәи аинвестициатә форум — 2026 аҟны иусура хациркит
Атәыла ахада дырԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба злахәыз аделегациа.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш аҩаӡара змоу жәларбжьаратәи афорумқәа рылахәхара аҵак ду шамоу. Бадра Гәынба иажәақәа рыла, уи атәыла аекономикатә лшарақәа аанарԥшуеит аинвестициа ҿыцқәа аднаԥхьалоит.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра астенд даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников. Аекспозициа аҿаԥхьа уи диԥылеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
Руслан Ҳашыг: 90-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа аус рыцура Аԥсны азы астратегиатә ҵакы аман
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор хада Руслан Ҳашыг Урыстәылеи Аԥсни русеицура азҵаарақәа ирызкыз астол гьежь аусура ихы алаирхәит.
Ҳашыг иқәгылараҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит Асовет Еидгыла аилаҳара аамҭазы аҩ-тәылак рмасса-информациатә хархәагақәа реинырра аҭоурыхтә аспектқәа.
Ҳашыг еиҭеиҳәеит 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Актәи аканали ВГТРК-и ркорпунктқәа шцәырҵыз, аԥсуа журналистцәа урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа аус шрыцыруаз, Аԥсны азы ари аусеицура аҵак ду шамаз, аибашьра аан, аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи ашықәсқәа раан ареспублика иазку аиаша ахәаԥшцәа инарҭбааны рызнагара аҵакы шдууз.
Руслан Ҳашыг ҷыдала иазгәеиҭеит ареспублика аҟны акорпунктқәа рышьақәгылараҿы урыстәылатәи ателехәаԥшра иналукааша аусзуҩцәа рроль, дазааҭгылеит Аԥсны ахаҿра аӡыргаразы афедералтә масса-информациатә хархәагақәа аус рыдулара аҵак ду шамоу.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа Аԥсны арҿиара дадгылаҩуп, аелектронтә еиԥш акьыԥхьгьы. Иара иазиԥхьаӡоит ари уажәтәи аҳәынҭқаррабжьаратә амшхәаԥштә ахырхарҭа хадақәа ируакуп ҳәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп атуристтә усхк арҭбаара, аинвестициақәа радыԥхьалара, атуристтә усеицура арҿиара.
«Калининград инаркны Владивостокынӡа урыстәылатәи афедералтә ҭыжьымҭақәа аус рыцура иалнаршоит Аԥсны атуристтә лшарақәа ртәы ажәлар рҟынӡа анагара, аиҭаҳәара», – ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Астол гьежь алахәылацәа Аԥсни Урыстәылеи ринформациа уажәтәи аҭагылазаашьеи, иара убас Аԥсни Урыстәылеи ржурналисттә еилазаарақәа рыбжьара азанааҭтә еимадарақәа аринахысгьы рырӷәӷәара аԥеиԥши ирылацәажәеит.
Аҟәа имҩаԥысуеит астол гьежь «Урыстәыла - Аԥсны. Иаарту адиалог» захьӡу
Аҟәа, В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы имҩаԥысуеит астол гьежь «Урыстәыла - Аԥсны. Иаарту адиалог» захьӡу, уи иалахәуп Урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа рделегациа.
Аилацәажәара иалагаанӡа имҩаԥысит 1993 шықәса, цәыббрамза 27 рзы Аҟәа иҭахаз ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониала.
Урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа рделегациа иалоуп Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахаҭарнакцәеи , агазеҭқәа «Комсомольская правда», «Российская газета» рхаҭарнакцәеи.
Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор хада, астол гьежь амодератор Роберт Џьопуа иазгәеиҭеит иахьа алшара шыҟоу ԥхьаҟатәи аинырреи қәҿиарала аусеицуреи рзы.
«Ҳара зегьы еилаҳкаауеит Аԥсни Урыстәылеи шықәсырацәалатәи аҭоурых ишеиднакылоу. Аиҭакрақәа раамҭазы амасса-информациатә хархәагақәеи аинформациа ахаҭеи ахықәкқәа рынагӡаразы ихадоу мыругақәаны иҟалоит.
Аинформациа ииашаны аӡыргаразы, аҵакқәа меицакырц азы ҳара иаҳҭахуп ишиашоу аимадареи иаарту адиалоги. Сгәы иаанагоит, иахьа исасны иаҳҭоу агазеҭқәа ҩба рхаҭарнакцәа рыбзоурала уи анагӡара ҳалшоит ҳәа. Анаҩс инарҭбааны ҳалацәажәоит ари аус шышьақәыргылахо», - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Иара убасгьы, инаҵшьны иазгәеиҭеит азеиԥш мазареи аҭоурыхтә гәалашәареи реиқәырхаразы еицаҳзеиԥшу амедиапроектқәа рҵакы.
«Агәра ганы сыҟоуп агәаартреи адиалоги азеиԥш ҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбара шалдыршо», - иҳәеит «Аԥснымедиа» анапхгаҩы.
Ирина Кәакәасқьыр: аамҭа ахатәы ҭахрақәа ықәнаргылоит, аха зегьы реиҳа ихадоу абызшәа аҭагылазаашьа ауп
Хымш имҩаԥысуаз афорум, даара аҵак ду аман абызшәадырыҩцәеи, аҭҵааҩцәеи, арҵаҩратә еилазаареи рзы. Спикерцәас иамаз еиҳарак Апедагогика аинститут ахаҭарнакцәа роуп, избанзар арҵаҩцәа иахьа-уаха рнапы иаку, аусураҿы мҩақәҵагас ирымоу Аинститут еиқәнаршәо арҵагашәҟәқәеи апрограммақәеи роуп. Апедагогика аинститут аиҳабы Ирина Кәакәасқьыр лажәақәа рыла, арҵаҩцәа ирҭахын арҵагашәҟәқәа равторцәа рыҿцәажәара, дара авторцәа рхаҭагьы ирҭахын ахәыҷқәа рзы иҭрыжьуа апрактикаҿы ахархәара шымҩаԥсыуа аилкаара. Аицәажәара, наҟ-ааҟ агәаанаграқәа реибыҳәара, аизакра, аиқәыршәара, џьара аилибамкаара ыҟазаргьы алацәажәара - абри зегьы мҩаԥысуан афорум аҩныҵҟа.
«Афорум ахықәкы хадақәа ируакын арҵагашәҟәқәа равторцәеи арҵаҩцәеи реиԥылара, русеицура иаҳа арҵаулара, арҭбаара. Ахықәкы анагӡара алыршан. Арҵаҩцәа афорум аусура анымҩаԥысуаз аамҭа иҭагӡангьы аиҿцәажәара мҩаԥыргон, адискуссиа ҟазшьа рыман асеминарқәа, анаҩс алекциа анҭыҵгьы авторцәеи арҵаҩцәеи рцәажәара, ргәаанагарақәа рзыӡырҩра цон. Абри зегьы ҳара ҳаԥхьаҟатәи ҳусура ҳәаақәызҵо акәхоит, ҳусура ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит», - ҳәа азгәалҭоит Кәакәасқьыр.
Афорум аҿы иара убас иазгәаҭан иахьа апробациа иахрыжьуа арҵагашәҟәқәа рылацәажәара. Уи аганахьала Апедагогика аинститут аиҳабы «Аԥснымедиа» иалҭаз аинтервиу аҿы илҳәеит, ашәҟәқәа рҭыжьраҿы аҳәынҭқарратә стандартқәа рықәныҟәара аҵак ду шамоу.
«Аԥсны ахада астратегиатә ҵакы змоу адҵақәа ықәиргылеит аҵара аминистрра аҿаԥхьа. Аҵара азакәан апроект иахьынӡазалшо ихиоуп, уи адкылара ашьҭахь ҿыц еиқәыршәатәуп аҳәынҭқарратә стандартқәа амаҭәарқәа зегьы ирықәшәо, урҭ инарықәыршәаны апрограммақәа ҟаҵатәуп, убарҭ ирықәшәо арҵагақәагьы цәыргатәуп. Аамҭа иара ахатәы ҭахрақәа ықәнаргылоит, аха зегьы реиҳа абра ихадароу абызшәа аҭагылазаашьа ауп. Арҵага арҿыцра анаҳҳәо, абра иҟоуп ихымԥадатәу, ԥсахшьа змам акы, уи иарбан шықәсазаалакгьы, дарбан рҵаҩызаалакгьы, арҵага аклассикатә ҟазшьа шамоу идырроуп. Арҵага иану алитература атәы ҳҳәозар, аклассикатә ҩымҭақәа, аԥсуа литератураҿы ихадароу ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа роуп. Ашкол аҿы арҵара классикоуп. Аметодика аганахьала аинновациақәа ҟауҵар ауеит ахәыҷы иҭахрақәа ирықәыршәаны. Убарҭ рыҩныҵҟа иаҭахқәо рацәоуп, убарҭ ирызхәыцтәуп», - лҳәоит Кәакәасқьыр.
Апедагогика аинститут аиҳабы лажәақәа рыла, аҵара шџьабаау ахәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа, зегьы еилыркаароуп. Абызшәа аҭагылазаашьа аԥсахраҿы ацхыраара ҟарҵароуп зегьы - аҭаацәа, ауаажәларра, аҳәынҭқарра, ҳәа азгәалҭеит Кәакәасқьыр.
Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум хыркәшоуп
Хымш Пицунда ицоз афорум еиднакылеит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә 250-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа.
Апедагогика аинститут аусзуҩцәа, Аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа афорум алахәылацәа рԥышәа рымардон, ахәыҷқәа аматериал рызнагашьа аметодика ҿыцқәа реилдыркаауан. Арҵаҩцәа ирыман алшара рзанааҭ аҿы ргәы иҵхоз азҵаарақәа рҭак аиура, арҵагашәҟәқәа реиқәыршәаҩцәеи дареи гәаартыла реицәажәара.
Иара убас, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырган арҵагашәҟәқәа, "Ҳазну адунеи" 1-4 тәи аклассқәа рзы аконцепциа.
Гагра араион ахадара ирыбзоураны арҵаҩцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргыларазы аусмҩаԥгатәқәа рзеиҿкаан.
Адыга (ачерқьес) бираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа
Адыга бираҟ амш иазкыз аныҳәа мҩаԥысит Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа.
Адыга бираҟ амш официалла иаԥҵан 2010 шықәса рзы, убри аахыс есышықәса иазгәарҭоит мшаԥымза 25 рзы. Абираҟ иаҵәаҿы иануп, ахьтәы еҵәақәа 12, еихдоу ахҿақәа 3.
Ауснагӡатә еиҿнакааит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорума ахԥатәи амш азы иӡырган Алитературатә ԥхьара 2-тәи акласс азы
Афорум еизнагаз алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа ирзеиҭаҳәан Аҵара аминистрреи апедагогика аинститути аус здырулаз арҵагашәҟәы аҽахьынӡаеиҭанакыз атәы, ҿыцрас иалагалаз, насгьы иану атекстқәа ахьанӡамариахаз.
Имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилатәара
Мшаԥымза 23-24, 2026 шықәсазы Миуссер имҩаԥысит ацәгьоурақәа рҿагылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура иазкыз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилатәара. Аиԥылара ааиртит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, инаҵшьны иазгәеиҭеит шықәсырацәалатәи аусеицура алҵшәа бзиақәа, уи ԥхьаҟатәи аҿиара шхымԥадатәиу иҳәеит.
Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭон Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусбарҭа хада аиҳабы Сергеи Бачурин, уи иазгәеиҭеит аинырра аҩаӡара шыҳараку, аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа шыҟоу. Алахәылацәа атранспорт аҿы ацәгьоурақәа рҿагылареи арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылара аҿагылареи ирылацәажәеит.
Аиԥылара ишьақәнарӷәӷәеит арегион аҿы ашәарҭадареи азинеиҿкаареи реиқәырхара аҩганктәи азҿлымҳара шамоу.
Аусура аихшьалақәа рыла аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилак аилатәара аԥкаанҵа анапы аҵанаҩит, уи иалнаршоит аусбарҭақәа рыбжьара аусура аиҿкаара.
Арҵаҩцәа рфорум аҿы иалацәажәеит арҵагашәҟәы «Ҳазну адунеи» иадҳәалоу азҵаарақәа
Амаҭәар «Ҳазну адунеи» алагалоуп актәи акласс инаркны. Дыҟамзар ҟалап анык, ари арҵага ауадаҩра зызцәырнамгац. Арҵаҩцәа ракәзар, имӡакәа ирҳәоит, аурок аныҟоу амш аҽны ахәыҷқәа ашкол ахь аара рҭахӡам ҳәа.








