pressadmin-2
Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд хыркәшахеит Женева
Женева ихыркәшахеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа ирызку жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеватәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд аҿы русура хдыркәшеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 66-тәи рраунд аҿы русура хдыркәшеит ҳәа ааицҳаит адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» алахәылацәа авидеоааԥхьара рзынаишьҭит
Атәыла ахада алахәылацәа ирыдиныҳәалеит арҵаратә проект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» аҵыхәтәантәи амодуль ахыркәшара.
Дальскаиа амҩа аҭеиҭыԥш арҽеира иадҳәалоу аусурақәа хыркәшахеит Маҷара ақыҭан
Акоммуналтә нхамҩа Аусбарҭа аусзуҩцәа аԥсабаратә гәамсамкаԥсарҭа дрыцқьеит ҳәа аанацҳауеит Гәылрыԥшь араион апресс-маҵзура.
«Акәукәу аҭра иахыԥраауа»: Аурыс драматә театр аҿы ақәыргыламҭа ҿыц
Хәажәкырамза 27, 28 рзы Ф.А. Искандер ихьӡ зху аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысуеит Кен Кизи ироман иалху аспектакль «Акәыкәу аҭра иахыԥраауа» аԥхьарбара. Еицырдыруа ари аҩымҭа аԥсуа сценаҿы раԥхьаӡа акәны иқәдыргылоит.
«Аԥсны амедиа ҿыцқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа рыхьчара мҩаԥысуеит «Сенеж» аҟазарҭаҿы
14 команда иӡырыргоит аҭҵаарадырреи, ажәабжьқәеи, атрадициақәеи, ажәла аҭоурыхи, атуризми, ачысҟаҵареи уҳәа ирызку рыпроектқәа.
Алиас Аиба Вальдрак Џьентск агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаа ианеишьеит
Хәжәкырамза 18 рзы, Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентск агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаа ианеишьеит.
Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд алагеит Женева
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо аделегациа иалахәуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Сариа Џьопуа, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ Кан Ҭаниа.
Амҩеи амашьынаргыларҭеи еиҭашьақәдыргылоит Ӡиӡариа имҩаҿы
Амҩеи амашьынаргыларҭатә ҭыԥи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь аполиклиника № 1 иахьаҵанакуа ахҵәахаҿы (Ӡиӡариа имҩа 20).
Амуниципалтә унитартә наплакы «Горстроипроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа излаиҳәаз ала, уаанӡа ари аҭыԥ аҿы иԥсабаратәым аҭаҟәаҭаҿара рҽеин ашьаҟамҩатә хыҵырҭа рҿыцын.
«Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп ашьаҟамҩа аиҭашьақәыргылара, Ӡиӡариа имҩа ахәҭак аҿы аҵыргәатә ҭӡы хаҳәла ачаԥара», - ҳәа азгәеиҭеит Ԥиԥиа.
Уаанӡа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аԥхьа аиҭашьақәыргылара мҩаԥган: ашьаҟамҩақәа рҿы ахаҳә ықәырҵеит, ахәышәтәырҭа аԥхьа иҟаз аҵакыра ҭадырҭәеит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны Ӡиӡариа имҩаҿы атранспорт аныҟәара хәҭа-хәҭала иуадаҩуп. Ақалақь ахадара амашьынарныҟәцаҩцәа агәҽанызаара аадырԥшларц рабжьыргоит, иҟоу ауадаҩрақәа еилкаарала иазнеирц ирыҳәоит.
Хәажәкырамзазтәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара иазкны аҵлақәа еиҭарҳаит Агәыӡера ауахәама аҿаԥхьа
Гималаитәи аныҵлеи ачамҳаши Агәыӡера иҟоу Аԥааимбар ԥшьа Илиа иныхабаа аҭӡамцқәа рҿаԥхьа еиҭарҳаит. Акциа азкуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хәажәкырамзазтәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара, ҳәа аанацҳуеит Гәылрыԥшь араион ахадара апресс-маҵзура.








