«Шәҳәынҭқарратә усура азырхоуп атәыла ахьыԥшымра арӷәӷәара, уи аинститутқәа рырҿиара, ажәлар ринтересқәа рыхьчара», — иҳәеит Бадра Гәынба.
Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит аиашьаратә республикақәа рхадацәа рыбжьара ишьақәгылаз агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа, аусеицура арҭбаара ишацхраауа.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахә ҳаракны ишыршьо ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызареи, аилибакаареи рырӷәӷәараҿы Алан Едуард-иԥа хаҭалатәи илагала. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада агәрагара ааирԥшит аиашьаратә еимадарақәа аринахысгьы еиҳа ишыӷәӷәахо.
Бадра Гәынба Алан Гаглоев изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар реизҳазыӷьара иазку аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа. Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адныҳәалареи азеиӷьашьара ԥхақәеи рзы.






