pressadmin-2
Гагра ақалақь аҿы археологиа-ексгумациатә жрақәа ирылагеит.
Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы Сталини Бериеи ртеррор аамҭақәа раан массала изеихсны иршьуаз, анаҩс анышә иахьамардоз аҭыԥқәа роуп ҳәа гәҩарас иахьрымоу археологиа-ексгумациатә жрақәа рымҩаԥгара иалагеит. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Амԥар.
Акциа «Ақьиара амза» хацдыркит аԥтекатә ҳа «Ракета Маркет» аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥтекатә ҳа «Ракета Маркети» Агәыҳалалратә фонд «Ашанеи» абҵарамза 1 инаркны еицаԥшьыргаз агәыҳалалратә акциа «Ақьиара амза» нарыгӡалоит.
Џьансыхә Нанба Баграт Шьынқәба илитературатәи инаукатәи аҭынха анаунагӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Баграт Шьынқәба (12.05.1917 – 25.02.2004 шш.) илитературатәи инаукатәи аҭынха анаунагӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит.
Абҵарамза 6 - 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Евгени Вахтангов ихьӡ зху атеатр агастрольқәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 6 - 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Евгени Вахтангов ихьӡ зху атеатр агастрольқәа мҩаԥысуеит.
Абҵарамза 1 ауха Аҟәа иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр азы ашьаусеилыргара хацыркуп.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аусеилыргаратә ҟәша абҵарамза 1 ауха, асааҭ 23:35 инарзынаԥшуа Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр инамаданы, 1997 шықәса рзы ииз Бармышаа Баграт Беслан-иԥа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.
Зганахьала жәларбжьаратәи аԥшаара хацыркыз Ермантәыла атәылауаҩ дааныркылеит Аԥсны.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит 1986 шықәса рзы ииз Ермантәыла атәылауаҩ Гора Рафаил-иԥа Асатриан.
Гора Асатриан Ермантәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рҟынтәи Аԥсны иҽиӡон.
Пақәашь ақыҭан иҟоу аныхабаа асаркьалсырҭа аҿы агәаларшәагатә саркьал шьақәдыргылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 4, Анцәадзыхшаз Казантәи лныхачаԥа Амш азы, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан Ацқьа Гьаргь Аиааирагаҩ ихьӡ зху аныхабаа асаркьалсырҭа ахь асаркьал ахагалара мҩаԥысит.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы УА Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы УА Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩи Аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.
«Август» Аҟәа ақалақь аҿы: акино агәалашәара иазку еицәажәараны ианыҟалаз ахәылԥаз.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахәылбыҽха абҵарамза 3 рзы кәапеишәа иҭәын. Асцена аҿы – аекран, азал аҿы — еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуа ауаа: аветеранцәа, астудентцәа, аԥсшьаҩцәа, иара баша акино абзиабаҩцәа. Аҳауа иалоуп — агәырӷьара азыԥшра. Араҟа иахьа иддырбараны иҟоуп Владимир Богомолов ироман «В августе сорок четвёртого» амотивқәа рыла иҭыху урыстәылатәи афильм «Август». Акино арбара Жәлар ракзаара Амшныҳәа иазкхеит — ари аныҳәа Аԥсны формалла мацара акәымкәа, атәылақәеи ауааи еидызкыло агәаларшәара аҳасабала иазнеиуеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амилаҭтә ныҳәа, жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.








