pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь, Очамчыратәи амҩала игылоу ахыбраҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара ахылаԥшреи аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәеи иԥшааны ирымырхит:

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәҩык аԥснытәи апоетцәа рырҿиамҭақәа знылаз зхыԥша дуу жәларбжьаратәи алитература-сахьаркыратә журнал-альманах «Рукопись» 47-тәи аномер аӡыргара мҩаԥысит абҵарамза   5 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы. Аӡыргара еиҿнакааит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла.  

Альманах «Рукопись», аредактор хадас дамоуп Игорь Елисеев, уи ҭрыжьуеит Ростов-на-Дону ақалақь аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 1992–1993шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз Гәдоуҭа ақалақь Кьиараза рымҩа 93 аҿы иҟоу 1905 шықәсазы иргылаз ахыбра аҩны- музеины иҟалоит. Аибашьра ашьҭахь ари аҩны акыршықәса игәыгәҭажьны игылан. Ааигәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ари аҭоурыхтә ҭыԥ даҭааит. Уи ари аҩны аахәаны, ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иҟоу С.П.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи ҳамҭас аҭаразы аӡбамҭа идикылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса.  Аԥсныпресс. Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аспециалистцәа Гәдоуҭа араион аҿы амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара иаҿуп.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Басариа имҩа мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргылара иалагеит.

Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа акоммуникациақәа зегьы – аӡымҩангага, аҩаршьҭрақәа, ацрыӡмҩангага, уҳәа рыԥсахра азԥхьагәанаҭоит. Анаҩс ашьаҟамҩа аиқәыршәазаара мҩаԥгахоит, арлашаратә усурақәа нагӡахоит, иҿыцу ацәхыԥқәа шьақәыргылахоит, акаҭран шьҭаҵахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахылаԥшрала Аԥсны абиуџьеттә система ахашәалахәқәа ҳазҭоу 2025 шықәса 10 мыз рыла   922 млн.  473,9 мааҭ рыла иазҳаит. Иҳаҩсыз  2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, уи 6 млрд. 199 млн. 439,5 мааҭ рҟынӡа инаӡет, убри аан планла иазԥхьагәаҭан  – 5 млрд. 576 млн. 138,7 нызықь мааҭ.  

Аҟәа. Абҵарамҳа 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Пекин имҩаԥысраны иҟоу асахьаркыратә гимнастиказы жәларбжьаратәи атурнир далахәхоит.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩҵарамза 4, 2025 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум апрокурор Хада Адгәыр Агрба  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум «Аԥсныбылтәы» ԥыхьатәи аиҳабы Беслан Аҩӡба иганахьала  акассациатә лкаа азы иҟаиҵаз ахылаԥшратә азԥхьанагаара иахәаԥшит иагьақәшаҳаҭхеит. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа ала Беслан Аҩӡба имаҵура ихы иархәаны 144 миллион мааҭ инареиҳаны аимҵәаразы  ахара идуп ҳәа ишьақәрӷәӷәан.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Ахаша, абҵарамза 5 рзы «Апаҭырқалтә мҩаду» (Џьанашьиа имҩа) аиқәыршәазаара аконцепциа азы аконкурс аихшьаалақәа ртәы иҳәеит аҳҭнықалақь архитектор хада Беслан Багаҭелиа.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Ареспублика Аԥсны Аконтрольтә Палата аколлектив Апалата аԥҵара 15-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.