АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2025

Цандрыԥшьтәи ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ркоманда «Саӡаа» Анапа имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир Russian Cup аҿы аџьазтә аԥхьахә аиура рҽаԥсартәит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшьтәи ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ркоманда «Саӡаа» Анапа имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир Russian Cup аҿы аџьазтә аԥхьахә ргеит.  

Акоманда азы апиедестал ахь амҩа мариамызт. Аибарххара зныԥшуаз афиналтә матч аҿы акоманда «Саӡаа» ашьапылампыл асыҩ ҿарацәа Аҟәатәи Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда асчиот 4:3 ҳәа иаҵахеит. Аха аспортсменцәа ргәы камыжькәа зеиӷьаҟам ала ахԥатәи аҭыԥ агаразы аматч аҿы иқәгылеит. Араҟа еиԥылеит «Саӡаа» акомандеи «Метеор» (Ҟрым) акомандеи, цандрыԥшьаа  ахәмарра бзиа аарԥшны, асчиот 5:0 ала аиааира агара рылдыршеит.

Аицлабрақәа рҿы иреиӷьу амбахьчаҩ ҳәа ахьӡ ианаршьеит Донаҭ Ԥачлиа, апенальти аицлабраан Данил Чамиан иаԥысуаз ҳәа аӡәгьы дҟамлеит.

Акоманда азыҟаиҵоит Гәырам Пкьын.


Read 53 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.