АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2025

Аҟәеи Ԥсоуи еимаздо аихамҩа аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ахәшьара арҭоит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩашәагатә вагон аиасра аихшьаалақәа рыла Ԥсоуи-Аҟәеи еимаздо аихамҩа аҭагылазаашьа ахәшьара бзиа аиуит.

Аихамҩа азеиԥш наӡара 101 км. рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә  60 км. ибзиаӡоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп,  31 км. - ибзиоуп, 10 км. – хар амам ҳәа ахәшьара аиуит.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы Аԥсны Аихамҩа адиректор Хада Арсоу Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, ас еиԥш алҵшәақәа раиура зыбзоуроу Аԥснытәи аихамҩа аколлектив аҵыхәтәантәи ҩба-хԥа шықәса рыҩныҵҟа ҳәоуеиқәшәарала занааҭдыррала русеицура ауп.

Иарбоу аамҭа азы иԥсаххеит: 

- 5 нызықь инареиҳаны аихабетонтә шпалақәа;

 - 4 нызықь инареиҳаны амҿытә шпалақәа; 

- астанциа Кьалашәыр аҿы зынаӡара 300 метра рҟынӡа инаӡо арельсшпалатә еихыршь; 

- Акацар «Бзыԥ-Мысра» аҿы зоура 800 метра рҟынӡа инаӡо еиужьу амҩа шьақәзыргыло еизаку еиларҭәоу арельс.  

«Иара убас есыҽны аҭыԥантәи абригадақәа рыла, урыстәылатәи аспециалистцәа радыԥхьаларала арельсшпалатә еихыршьқәа ршәара-зара, рыриашара, (рҭаҽылара), рырҽеира иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуан», – ҳәа иазгәеиҭеит Арсоу Ҷыҭанаа.

2024 шықәсазы ирыԥсахит  84 цыра адефект змаз арельсқәеи аиԥшьратә быжьккарақәа рырманшәалара азы 54 цыра арельсқәеи, аихамҩатә станциақәа Цандрыԥшьи Гагреи аихацтә аиагагақәа дырҿыцит, акацарқәа Ԥсоу-Цандрыԥшьи Гагра-Бзыԥи ҿыц абӷанҷ ықәрыԥсеит.   

Есышықәса аидарамҩангара амҽхак аизҳареи иҿыцу апассаџьыртә дәыӷбақәа рмашрутқәа раартреи инамаданы иааизакны аихамҩатә комплекс ақәыӷәӷәара иацлоит, аха Аԥснытәи Аихамҩа аҿы  аихамҩа ахаҭабзиара иахәҭоу аҩаӡараҿы аанкылара  иазхиоуп.


Read 42 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.