Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аԥыррақәа ргеографиа арҭбаауеит. Убас, рашәарамза 28 инаркны Ханты-Мансискынтәи аҳҭнықалақь аҟынӡа ареисқәа абри аамҭаеихша ала иоурыжьҭуеит:
–Ханты-Мансискынтәи иԥыруеит асааҭ 04:35 рзы, Аҟәаҟа иаауеит асааҭ 09:30 рзы.
Шьҭахьҟа иԥыруеит асааҭ 13:05 рзы, Ханты-Мансиск аҟынӡа инаӡоит асааҭ 21:50 рзы. Иарбоу аамҭа аҳарбаӷәазақәа зегьы рзы аҭыԥантәи ауп.
Ханты-Мансиск ахь еиԥш шьҭахьҟагьы ареисқәа нанагӡалоит авиаеилазаара «РусЛайн» аҭыԥантәи 50-ҭыԥ змоу аҳаирплан Bombardier CRJ200 ала.