АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2025

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура иалацәажәеит Владимир Делбеи Роберт Кьиути реиԥылара аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥызы-министр Владимир Делба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи идикылеит.  

Аиԥылара аҿы Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо амҩаду хада аҿы амҩатә ԥҟарақәа реилагалара аазырԥшуа иҿыцу авидеокамерақәа рышьақәыргылара ашьҭахь амҩатә ԥҟарақәа реилагара астатистика иалацәажәеит.

Роберт Кьиут, амашьынарныҟәцаҩцәа ааизакны еиҳа рдисциплина еиӷьхеит, акамерақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы амашьынақәа уи аҟара идмырццакуа иалагеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Ҳаамҭа иақәшәо авидеонаԥшра акамерақәа рышьақәыргылара Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа аҿгьы иазԥхьагәаҭоуп.

Аԥыза-министр, амҩатә ԥҟарақәа реилагара шьақәзыргыло афото-видео камерақәа рышьақәыргылара иадҳәалоу аусура аҿы зегьы реиҳа ихадоу – амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рыԥхьырҟәҟәаара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Авидеокамерақәа – ари  Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа рыла иаалырҟьаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара ашьақәыргылара акәыӡам, уи амашьынарныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа еиларымгарц, рхаҭақәа рыԥсҭазаареи  амҩа иану   егьырҭ рыԥсҭазаареи ашәарҭара иҭадмыргыларц азы агәҽанызаара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа роуп», - ҳәа иҳәеит  Владимир Делба.

Аиԥылараҿы иара убас атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура иадҳәалоу егьырҭ  азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

 


Read 131 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.