Аминистр лажәақәа рыла, аусбарҭа аиҳабы изинмчы аминистр ихаҭыԥуаҩ изинмчы иарҟарахоит. Уи еиҳа иуадаҩу ахыдҵақәа рынагӡара алнаршоит.
«Ари аҩыза апрактика аибашьра ҟалаанӡа аҭыԥ аман, уи аеффективрагьы аарԥшын», – ҳәа илҳәеит Хана Гәынба.
Маиа Цыбулевскиа арҵаҩратә усура аԥышәа ду лымоуп: лара 18 шықәса ашкол аҿы аус луан, 16 шықәса ААУ аҿы аус луеит. Лара иара убас быжь шықәса инареиҳаны аҵара Аминистрра аҿы аус луеит.
Маиа Цыбулевскаиа – анапхгаҩцәа рконкурс «Аԥсны Акоманда» аҿы аиааира лгеит.