pressadmin-2
Максим Решетников зхадараҿы дыҟоу аделегациа Лабра ақыҭан иҟоу ахшаалыҵ азауад иаҭааит.
Анаплакы аусура иалагоит 2026 шықәса мшаԥымзазы.
ЗҲәА «Ахшаалыҵ ашҭа» адиректор хада Баҭал Ӡаԥшьба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахшаалыҵ азауад аргылара хацыркын 2024 шықәса нанҳәамзазы иҷыдоу акредиттә программала.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Максим Решетников диԥылеит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба В. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аҿы дырԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников зхадараҿы дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара Аминистрра аделегациа усутә визитла Аԥсны иаҭааит
В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Жәабранмза 28 Аԥсны абанктә еилазааразы иҷыдоу рыцхәуп
Абри амш аҽны, 35 шықәса раԥхьа, ҳаамҭазтәи абанктә система ашьаҭа кын, ари аамҭа иалагӡаны уи ашьақәгылара амҩа ианысит, ирхысит аԥышәара уадаҩқәа, иахьагьы аҿиарамҩа иануп.
Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьит агәаларшәагатә ԥараҿырпы «Аԥсны абанк»
Аԥараҿырпы атираж - 200 цыра инаӡоит. Уи 925 аҩаӡара змоу араӡынцқьа иалхны иҟаҵоуп. Аԥараҿырпы адиаметр 39 мм ыҟоуп, акапан - 33,94 грамм.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба жәпаҩык ажурналистцәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит
Аҧсны аинформациа амассатә хархәагақәа русзуҩцәа рымш ныҳәа аҽны Аҧсны Ахада Бадра Гәынба аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит гәыҧҩык ажурналистцәеи, аинформациа амассатә хархәагақәа русзуҩцәеи аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы.
Аҧыза-министр Владимир Делба Аҧсны аинформациатә-массатә хархәагақәа русзуҩцәа рымш ныҳәа рыдиныҳәалеит
Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
Февраль 25 - Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны
Гәдоуҭатәи араионтә Еизара адепутатцәа, араион ахадас Асҭамыр Аргәын икандидатура шьақәдырӷәӷәеит
Имаӡоу абжьыҭира алҵшәақәа рыла Асҭамыр Аргәын араион ахадас иалхра 28-ҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит, аӡәы дақәшаҳаҭымхаӡеит.








