pressadmin-2
Жәабранмза 21 азы диит аԥсуа литература абду Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа
Иахьа Аҟәа, Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿаԥхьа игылоу ашәҟәыҩҩы ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ауаажәларратә палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит
Маҷара ақыҭан имҩаԥысуеит Аԥсны аерманцәа рхеилак Ареспубликатә еизара
Аизараҿы дыҟоуп Ахада Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ари аизара аҭаара агәахәара ду шинаҭоу.
Ареспублика унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп
Ареспублика унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» аусзуҩцәа амшцәгьа иахҟьаны ааха зауз, Гагра араион 2010-тәи акилометр аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аихамҩа апресс-маҵзура.
Бадра Гәынба: «Ҳара ауадаҩрақәа рыӡбахә аҳәара адагьы, урҭ раԥыхразы ашьаҿақәа ҟаҳҵоит»
«Ауаажәларра фымцалашарала реиқәыршәара атәыла анапхгара ахықәкы хадақәа иреиуоуп, уи ахырхарҭа есыҽны аус адаҳулоит», – ҳәа иҳәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион аҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.
Аԥсны агәабзиарахьчара асистемаҿы акадрқәа азхом
Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алиса Матуа иҟалҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны агәабзиарахьчара асистемаҿы акадрқәа разымхара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рацәоуп.
Аԥсны ауааԥсыра рықәратә еилазаашьа аҽаԥсахит
Абри атәы лҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор ихаҭыԥуаҩ Инга Арӡынба, астол гьежь «Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи» аҿы лықәгылараан.
Астол гьежь «Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи» аҿы иазааҭгылеит Самырзаҟантәи аԥсуаа рызҵаара
Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа 66-тәи рраунд аҽазыҟаҵаратә еилатәара мҩаԥысит Аҟәа
Аилацәажәараҿы ихадоу теманы иҟалеит, имҩаԥысраны иҟоу араунд амшхәаԥштә азҵаарақәеи арегионалтә шәарҭадара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәа, Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит астол гьежь «Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи»
Аграждантә форум «Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭхара. Аҿиара» аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Ауаажәларратә палата адемографиа азҵаарақәа ирызкны астол гьежь мҩаԥнагоит.








