Владимир Делба аицлабрақәа ирылаху зегьы дрыдныҳәалеит, ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаишьеит.
«Акыр зҵазкуа арыцхәқәа – Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵреи Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵреи ирызку ашколтә спартакиада аартра шәыдысныҳәалоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, Шәара иахьа шәыспорттә лшара шьахәқәа шаҳшәырбо. Сара исҭахуп иахьатәи амш шәара иналукааша ахҭысқәа рыла шәгәалашәараҿы иаанхарц. Ишәзеиӷьасшьоит аицлабра иашақәа, избан акәзар убас иҟоу аицлабрақәа рҿы ауп аиааирагаҩ дахьаалкаахо. Ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәыцзааит ҳаҭыр зқәу ахәыҷқәа!» – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Рашәарамза 19 аҟынӡа имҩаԥысло школхәыҷқәа рыспартакиада рхы алыдырхәуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи ашколхәыҷқәа.
Ашколхәыҷқәа еицлаблоит 14 спорт хкы рыла: атлетика лас, ашахматқәа, абокс, аӡиудо, аишәатә ԥкьаҭмпыл, зхы иақәиҭу аиқәԥара, асамбо, ашьапылампыл, атлетика хьанҭа, амҵәышәмпыл, анапылампыл, ашьапылампыл маҷ, ахыци ахәымпали рыла ахысреи аԥсуа милаҭтә хәмаррақәеи.
Аспартакиада аиҿкаара ахахьы иагеит – Аԥсны аҵара Аминистрра.