Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, ахатәы галереиа The Wall Gallery аҿы иаатит Аҟәа ақалақь иалҵыз асахьаҭыхыҩ Игорь Панченко иусумҭақәа рцәыргақәҵа «Ликование в глубинах сна». Ацәыргақәҵа аҿы ицәырган аҿыханҵа, аграфика, асахьа, уҳәа астильқәа рыла инагӡоу аусумҭақәа.
Игорь Панченко ишеиҭеиҳәаз ала, ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирыдгалахоит еиуеиԥшым аамҭахәҭақәа рзы инагӡаз аусумҭақәа жәаба:
«Араҟа еизгоуп сыҿиара еиуеиԥшым аамҭахәҭақәа рзы иаԥызҵаз аусумҭақәа, урҭ еиуеиԥшым атехникақәа рҿы иҭыхуп. Сара еснагь сҽысыԥсахыр сҭахуп, избанзар, акыр шықәса рыҩнуҵҟа акы мацара уаҿызар угәақәԥҵәоит. Уи аганахьала ахәыҷы сиеиԥшуп — ахәыҷқәа еиуеиԥшым ахәмаррақәа ирышьҭоуп. Исҳәар сылшоит, сҟазара ахықәкы ҩныҵҟалатәи ахәыҷы ирҿыхара ауп ҳәа", — азгәалҭеит Игорь Панченко.
Ацәыргақәаҵа аус аулоит хы-мчыбжь ирылагӡаны В.Аршба имҩала иҟоу (ԥыхьатәи А.Сахароу имҩа) The Wall Gallery ахыбраҿы.
Игорь Панченко 1966 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы диит. 1988 шықәсазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә Ҵараиурҭа далгеит.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәылас дыҟоуп.
2007 шықәсазы Москва ақалақь, асахьаҭыхыҩ Иҩны Хада аҿы ицәыргақәҵа мҩаԥысит.
Игорь Панченко иусумҭақәа аиҳарак ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоуп.