АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Лаҵара.2025

Москва ақалақь аҿы аус зуа Аԥснытәи аҳақьымцәа Рассоциациа Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада илыдҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа обиективла аилыргара азы аҳәара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы аус зуа Аԥснытәи аҳақьымцәа Рассоциациа асоциалтә ҳақәа рҿы ирылаҵәаз Очамчыра араион ахада Кациа А.З. Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа иаанылкыло амаҵураҭыԥ аҟынтәи ламхразы идикылаз аӡбамҭа азы адырра аганахьала аџьашьареи агәҭынчымреи аанарԥшуеит.  

«Ареспублика анапхгараҭареи иарбоу аус иазинтересу ахаҿқәеи зегьы рахь  ааԥхьара аҟаҵара аиашара адгылареи ҳколлега лахь иҳамоу аҳаҭырқәҵареи ирыдҳәалоуп. Кьышьмариа      Мадонна Қарбе-иԥҳа аԥышәеи аџьашықәс дуи змоу аспециалист лоуп. Лара аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи ашықәсқәа инадыркны Очамчыра араион агәабзиарахьчара аиҭашьақәыргылара ахыҵхырҭақәа рҿы дгылан.

Уи агәабзиарахьчара асистема аҿы лааԥсареи рзанааҭтә дырра аҩаӡареи уи азы илырҭахьоу аџьшьареи ртәы Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы ҳауаажәлар ибзиаӡаны ирдыруеит. 2018 шықәсазы Кьышьмариа Мадонна Қарбе-иԥҳа «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа иҳараку аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит. 2022 шықәсазы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аттестациатә комиссиа аӡбамҭа ала лара аҳақьым-атерапевт ҳәа иреиҳау аквалификациатә категориа ланашьахеит.  Иара убри ашықәсан Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Кьышьмариа Мадонна Қарбеи-иԥҳа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьахеит», - ҳәа иаҳәоит Москва ақалақь аҿы аус зуа аԥснытәи аҳақьымцәа ирыҩыз ашәҟәы аҿы.

Ашәҟәы авторцәа апандемиа Covid-19 аныҟаз аамҭазы Мадонна Кьышьмариа аԥышәа дууи адырра бзиеи змоу аҳақьым иаҳасабала хацәнымырха иналыгӡоз аусура атәы азгәарҭоит.  

«Араион ауааԥсыреи ахәышәтәырҭа аколлективи бзиа дырбоит, ҳаҭыр ду лықәырҵоит Мадонна Қарбе-иԥҳа. Иуадаҩу аекономикатә ҭагылазаашьа шыҟоугьы, М.К. Кьышьмариа араионтә хәышәтәырҭа аҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара лыллыршеит.  Лусура аамҭа иалагӡамны азашшрақәеи алахьаҭареи лмоуӡацызт», – ҳәа иазгәаҭоуп 31-ҩык аҳақьымцәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы аҿы.

Москва ақалақь аҿы аус зуа Аԥснытәи аҳақьымцәа Рассоциациа Аԥсны анапхгара ахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аобиективла аилыргара алдыршарц азы аҳәара ҟанаҵоит.

Ашәҟәы рнапы аҵарҩит: Арӡынба Мераб,  Ҭарба Викториа, Коӷониа Лали,  Чамагәуа Жанна, Сақаниа Луиза, Малишаа Лаура, Џьопуа Максим, Аршба Селма, Дбар Сариа,  Гәылиа Херсина,  Ӡиӡариа Вера,  Ԥлиа Зафида,  Кәакәасқьыр Милана,  Гадлиа  Диана, Џьопуа Дамеи, Чан-оглы Марика, Гогиа Кама,  Алан Лиан, Шушаниа Баҭал, Гәарамиа Наала, Шьоуа Есма, Ашәхаҵаа Турна, Мышәба Асҭанда,  ⁠Ашәба Ҭенгиз,  Гериа Алиас,  Ҷоҷуа Арина,  ⁠Џьопуа Илона, Амҷба Гәында, Мархолиа Алиса, Ашәба Саида, Гәылиа Аманда.

 

 

 

 


Read 212 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.