АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2025

Бадра Гәынба: Аԥсны 2025 шықәсазы ареспубликахь иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара ацлара иазыԥшуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны анапхгара 2025 шықәсазы Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара ацлара иазыԥшуп, аԥхынтәи аԥсшьарагьы уахь иналаҵаны, ҳәа Кавказтәи аинвестициатә Форум аҿы Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура ТАСС аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.  

«Атурист изы акырӡа аанагоит раԥхьа иргыланы атранспорттә ҭагылазаашьақәа  рыманшәалареи аԥсшьараҭыԥ аҟынӡа ибзианы анаӡареи. Аҳаирбаӷәаза аартра, ацҳа аиҭашьақәыргылара, аихамҩатә еимадара аартра – ари зегьы жәаҳәарада Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара ацҵара хра злоу анырра анаҭоит. Азԥхьагәаҭара уақәгәыӷуа иҟаӡам рҳәоит. Ҳәарада, ҳара аԥхынтәи ашьхатә сезон ала аҭаара азы аихшьаалақәа ҟаҳҵоит. Аха сара агәра ганы сыҟоуп иҳаҩсхьоу ашықәсқәа ирҿырԥшны сынтәа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара шеиҳахо», - ҳәа Бадра Гәынба иажәақәа аанагоит ТАСС.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аинфраструктура активла аҿиара ишаҿу, атуристтәии ақыҭанхамҩатәи уахь иналаҵаны. Ареспублика аҿы иаатуеит атуристцәа рыдкылара иазку аобиект ҿыцқәа, анаплакқәа аусура иалагоит.

«Жәаҳәарада, уи зегьы хра злоу анырра анаҭоит ареспублика иаҭаауа атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи рхыԥхьаӡара ацлара», - ҳәа иҳәеит иара.


Read 234 times - Ахаша, 28 Лаҵара 2025 11:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.