АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2025

Асоциалтә ԥгаԥса Афонд ахашәалахәқәа реизҳара инамаданы хазы игоу асоциалтә цхыраагӡатә шәатәқәа рышьҭыхра алыршахоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба ашәахьа, лаҵарамза  26 рзы Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд ахантәаҩы Бакәыр Бебиа дидикылеит.   

Бакәыр Бебиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла,  аҵыхәтәантәи хы-шықәса рыҩныҵҟа Афонд ахашәалахәытә хәҭа азԥхьагәаҭаратә рбагақәа инацҵаны инагӡахон. Ас еиԥш атенденциа аанханы иҟоуп ҳазҭоу ашықәс азгьы.  

«2025 шықәса актәи аԥшьбара азы ҳара иҳаҩсыз ашықәс аиԥш–зеиԥшу аамҭахәҭа азы иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 15 миллион мааҭ рыла ҳаиҳаны ҳаауан.  Аулафахәқәа рышьҭыхра ашьҭахь, ахәҭакахьала, аԥаратә цхыраагӡатәқәа рганахьала аныхтә хәҭагьы иацлеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Бакәыр Бебиа.

Сынтәа иацҵахеит аамҭала аусурада иаанхаз рзы аԥаратә цхыраагӡатәқәа 22 000 мааҭ рҟынӡа; ахшараиураанӡатәи аамҭеи ахшаараиуреи рзы –мызкахьы 30 000 мааҭ рҟынӡа.

Иҳаҩсыз ашықәс азы ахәыҷы иира азы зныктәи ашәатәқәа ршәагаа ацҵан: аус зуа ахәыҷы иҭаацәа рзы – 22 000 мааҭ рҟынтәи 27 000 мааҭ рҟынӡа, аус зымуа аҭаацәа рзы – 22 000 мааҭ.  

«Аус зымуа аҭаацәа рзы ахәыҷы ииразы аԥаратә цхыраагӡатәқәа реиԥш иҟоу ашәатәы ҳара ҳҿы аԥгаԥсатә лагалақәа рыла ихарҭәаахаӡом, аха ҳара уи азы аԥаратә хархәагақәа ҳаԥшаауеит, ҳаԥхьаҟагьы иарбоу ҳтәылауаа рыхәҭа адгылара рыҭаразы уи алҳаршалоит», – ҳәа иҳәеит Бакәыр Бебиа.

Афонд ала инагӡахоит ахәыҷқәа ахәыҷтәы лагер аҿы рыԥсшьара апрограмма.

Алагер аҿы ахәыҷқәа рыԥсшьараамҭаҿы еилагӡахоит  аҵарадырратә компонентқәа.  Ахәыҷқәа алшара рзаԥҵахоит инарҵауланы рхатәы бызшәа аҵара азы, иара убас еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәеи аекскурсиақәеи рылахәхара азы.

«Уаанӡа ари аԥсшьара ахәԥса ашәара мҩаԥысуан 50% - 50%, мамзаргьы 70% - 30% ҳәа, даҽакала иуҳәозар, аҭаацәа, мамзаргьы азанааҭеидгыла ахәԥса ахәҭак ршәон.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳара ахәыҷқәа рыԥсшьара ахәԥса зегьы (100%) ҳшәоит. Ахарџьқәа зегьы Афонд ахахьы иагеит», – ҳәа иҳәеит Бакәыр  Бебиа.

Аԥыза-министр ари апроект ахәшьара бзиа аиҭеит.

«Ахәыҷқәа рзы азҩыдатәратә ԥсшьара – ари акыр зҵазкуа усуп. Акыр шықәса инеиԥынкыланы ари апроект анагӡара алыршахоит. Ҳақәгәыӷуеит уи ибзиоу аԥеиԥш  аиуп ҳәа», – иҳәеит Владимир Делба.

Аԥыза-министр Афонд ахашәалахәхқәа хазы игоу асоциалтә цхыраагӡатә шәатәқәа риндексациа азы инацҵаны аӡбамҭақәа рыдкылара алнаршоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Хазы игоу асоциалтә шәатәқәа риндексациа асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд аҿы мацара адагьы егьырахьгьы имҩаԥыслароуп. Шәара шәҟынтәи аиндексациа иадҳәалоу ажәалагалақәа ҳарзыԥшуп», – ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр.

Владимир Делба атәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара аҳәынҭқарра Анапхра аусура аҿы ихадоу азҵаарақәа иреиуоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

 

 

 

 


Read 339 times - Аҩаша, 27 Лаҵара 2025 14:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.