«Шәареи ҳареи заанаҵы ҳалацәажәахьан атәанчахәқәеи урҭ рыцҵақәеи етап-етапла рышьҭыхшьас иҟало. Ари ашьҭыхра зкьысыр зылшо зегьы иреиҳау акатегориа – уи қәрала атәанчара иҟоу роуп. Ари аԥшьгара иаҵанакраны иҟоуп аа-нызықьҩык инареиҳаны атәанчаҩцәа, иара убас ианыхәыҷыз аахыс аинвалидра змоу. Ҳара ҳхыкәкы хаданы иҟоу – иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы еиԥш уажәгьы еиҳа иуашәшәыроу атәылауаа ркатегориақәа ирыҵанакуа ҳтәылауаа етап-етапла ртәанчаҩратә еиқәыршәара аиндексациа амҩаԥгара ацҵара. Акатегориақәа зегьы риндексациа мҩаԥгатәуп, аха убри аан иахьа иҳамоу алшарақәа инарықәыршәаны, ҳара уи излауа ала ирласны иҟаҳҵароуп. Шәара шәҟынтәи ажәалагалақәа сырзыԥшуп, ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза акы инаркны атәанчахәқәа риндексациа мҩаԥганы атәанчаҩцәа рызшәара ҳалагарц азы», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
27.Лаҵара.2025
Ԥхынгәымза 1 инаркны хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа рышьҭыхра азԥхьагәаҭоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 1, 2025 шықәса инаркны Аԥсны Анапхгара аҿы хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа рышьҭыхра азԥхьагәаҭоуп.
Аԥыза-министр Владимир Делба ари азҵаара иазкны Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа иԥылара мҩаԥигеит.
«2024 шықәса алагара аахыс ҳтәылауаа рҿаԥхьа иҳақәыз ҳҭакԥхықәрақәа зегьы наҳагӡеит. Изеиԥшразаалак адырхалара ҟамлаӡеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы.
2025 шықәса алагалара инаркны лаҵарамза 1, 2025 шықәсанӡа аԥаратә цхыраагӡатәқәа, атәанчахәқәа, урҭ рахь ацҵақәа ршәара азы иазоужьхеит 561 млн. 671 нызықь мааҭ.