Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба аԥшьаша, лаҵарамза 22 рзы Ареспублика Аԥсны апрокуратура Хада аҟәшақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ – арратә прокурор инапынҵақәа назыгӡо, араионқәа рыпрокурорцәа, Аҟәа ақалақьи урҭ ираҟаратәу иҷыдалкаатәу апрокуратурақәеи алархәны инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Апрокуратура Хада иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы ареспублика аҿы изаамҭанытәиу аусқәа рҭагылазаашьа, ашьаусеилыргарақәеи апроцессуалтә гәаҭарақәеи шымҩаԥысуа азы аинформациа ҟаҵан. Иалацәажәеит иара убас акадртә зҵаарақәагьы.
Аусуратә еилатәара аихшьаалақәа рыла, апрокурор Хада арезонанстә усқәеи аусура ахырхарҭақәа рыла ахылаԥшра арӷәӷәареи рзы аинформациатә еилыркаақәа рыҭара азы анапынҵақәа риҭеит.
Апрокурор Хада Адгәыр Агрба инарҭбаау ауаажәларратә резонанс зцыз ашьаусқәа реилыргара хаҭала ахылаԥшра шаиҭало азгәеиҭеит.