АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Лаҵара.2025

Лаҵарамза 23 рзы – Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол) Симон Канттәи Имш азгәарҭоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ (Апостол)  Симон Канттәи Имш азгәарҭоит. 2013 шықәсазы ари аиашахаҵаратә ныҳәа ареспублика аҿы иусуратәым ныҳәатә мшны ирылаҳәан.

Ари амш Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьы рзы аҵак ду амоуп, избан акәзар Симон Канттәи араҟа ҳера 1 ашәышықәса азы ақьырсаинра алаирҵәон, араҟа иҟоуп уи ибаҩ-ашаҩ.

Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа аныхабаатә анцәамаҵзура мҩаԥыргеит  Ацқьа Пантелемон ихьӡала иргылоу Афон-Ҿыцтәи аберҭыԥ аҿы.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала  Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҟны раԥхьаӡакәны ацқьа Симон Кананит игәалашәара  амш азы анцәамаҵзура Аԥсны аныхақәа зегьы рыҟнытә адоуҳамаҵзуҩцәа  еицымҩаԥыргеит.

Афон Ҿыц игылоуп Симон Канттәи иныхабаа. Уи  зыргылаз адинхаҵаҩцәа роуп. Афон-Ҿыцтәи аберҭыԥи Симон Канттәи иныхабаи Анцәа дхазҵо ауаа рацәаҩны иаҭааит ари амш аҽны.

Афонҿыцтәи аберҭыԥ  аҟны ацқьа Симон Канттәи игәалашәара амш азы анцәамаҵзура далахәын  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.  Анцәамаҵзура иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Беслан Бигәааи  Ахада Иубарҭа  анапхгаҩы Беслан  Ешбеи.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба  ари ахҭыс иаҵоу аҵакы ахадара азгәаҭо, ажәлар зегьы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзеиӷьаишьеит, Анцәа иахь ирымоу азхаҵара иацәхьамҵларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.  

Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада аиереи Виссарион (Аԥлиаа) еизаз зегьы аныҳәа рыдиныҳәалеит, убри аан инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иԥшьоу дгьылны ишыҟоу – араҟа Киевҟа зхы хаз  Симон Канттәии Андреи Аԥхьанаԥхьеи Анцәа иажәа ауаажәларра ишрыладырҵәоз.  «2 нызықь шықәса инарзынаԥшуа раԥхьа урҭ аԥсуаа зхылҵыз рнаҭуан, Ақьырсиантә дин деилдыркаауан. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы аурыс аҳцәа Алеқсандр  III,  Николаи II ирыбзоураны,  аҭырқәатә аҳра аамҭахәҭа анынҵәа ашьҭахь  аԥсуа жәлар  ақьырсиантә  динхаҵара рзыргьежьра алыршахеит. Усҟан идыргылеит имаҷымкәа Ақьырсиантә ныхабаақәа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ареволиуциа ҟалаанӡа Аԥсны акультуратә ԥсҭазаара иагәыцәны иҟалаз Афон-Ҿыцтәи аберҭыԥ.  Иахьа ҳара насыԥны алшара  ҳамоуп  ари иԥшьоу аҭыԥ аҿы зегьы ҳаизаны аныхабаатә ныҳәа аҿы Аԥсны ашәҭыкакаҷра азы Анцәа имҵаныҳәара», -  ҳәа иажәа хиркәшеит аиереи Виссарион Аԥлиаа.

Абжьагажәа ашьҭахь адинхаҵаҩцәа аџьартә ныҟәарала Ацқьа Пантелемон иныхабаа иакәшаны Ицқьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихьӡала IХ-Х ашәышықәсазы Афон Ҿыц уи иԥсыжырҭа аҭыԥ аҿы идыргылаз  аныхабаа ахь илбааит.  

Ари амш аҽны ақьырсиан дин ныҟәызго Ԥсырӡха аԥсҭа  игылоу Симон Канттәи ихьӡ зху ари аныхабаа ахь инеиуеит. Уи макьана аус ауӡом, араҟа ареставрациатә усурақәа мҩаԥысуеит. Ақьырсианцәа араҟа ацәашьқәа дыркуеит, иара убас Симон Канттәи дахьынхоз аҳаԥы (аҿыџь) аҿгьы ацәашьқәа адыркуеит, Анцәа иашьапкуеит.

XIX ашәышықәса анҵәамҭазы, Симон Канттәи иҳаԥы аҿы Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберуаа ацаҟьа иалԥҟааны иҟарҵеит аҳаԥы аҭаларҭа, ахаҳә иалху амардуан, амозаикала иқәҵоу Иаса Қьырса, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа, иара Симон Канттәи ихаҭа рхаҿсахьақәа зну аныхачаԥақәа.

Ари амш Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьы рзы аҵак ду амоуп, избан акәзар Симон Канттәи араҟа ҳера 1 ашәышықәса азы ақьырсаинра алаирҵәон, араҟа иҟоуп уи ибаҩ-ашаҩ. Ицқьоу Ацҳаражәҳәаҩ ихьӡала Афон Ҿыц уи иԥсыжырҭа аҭыԥ аҿы игылоуп IХ-Х ашә. рзы идыргылаз аныхабаа. Ари амш аҽны ақьырсиан дин ныҟәызго Ԥсырӡха аԥсҭа  игылоу Симон Канттәи ихьӡ зху ари аныхабаа ахь инеиуеит. Уи макьана аус ауӡом, араҟа ареставрациатә усурақәа мҩаԥысуеит. Ақьырсианцәа араҟа ацәашьқәа дыркуеит, иара убас Симон Канттәи дахьынхоз аҳаԥы аҿгьы ацәашьқәа адыркуеит, Анцәа иашьапкуеит. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы,  Симон Канттәи иҳаԥы аҿы Афонҿыцтәи аберҭыԥ аберуаа ацаҟьа иалԥҟааны иҟарҵеит аҳаԥы аҭаларҭа, ахаҳә иалху амардуан, амозаикала иқәҵоу Иаса Қьырса, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа, иара Симон Канттәи ихаҭа рхаҿсахьақәа зну аныхачаԥақәа.

Ацқьа Симон Канттәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канттәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы. Симон Канттәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.

Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.

Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи (Зилота) Имш – Афонҿыцтәи аберҭыԥ аныҳәа ауп, уи Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп. 

 

 

 

 


Read 203 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.