АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Лаҵара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Иҷыдоу ахықәкы змоу Ацентр даҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы змоу Ацентр 27 шықәса ахыҵит.

Иҷыдоу ахықәкы змоу Ацентр 27 шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы аусбарҭа иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада Адҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба.

Аԥсны Ахада ахатәы еилазаара рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, аофицерцәеи амаҵзура аусзуҩцәеи аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит. 

Анаҩс АШӘА Ахантәаҩы Дбар Дмитри Аҳәынҭқарра Ахада Ацентр аҟны иҟоу аҭгылазаашьа атәы изеиҭеиҳәеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ааигәа иаԥҵоу аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәеи уи аҿагылареи  ирзыку агәыԥ. Ахада идырбеит ИАА анапаҵаҟа иҟоу аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа.

 Анаҩс имҩаԥысит аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа алархәны азыҟаҵарақәа, иҟоу аҳәамҭа ала, урҭ Ареспублика адгьылҵакыраҟны атеррористтә акт амҩаԥгара хықәкыс измаз адиверсант иҭархара иазырхан.


Read 209 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.