АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Лаҵара.2025

Бадра Гәынба Кавказтәи аинвестициатә форум аусура ихы алаирхәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба лаҵарамза 25 ақалақь Минеральные воды  аҿы иаатыз Кавказтәи аинвестициатә Форум ихы алаирхәуеит.

Афорум атема хаданы иҟоуп: "Аинвестициатә мҩа: Иҳаҩсхьоу аамҭа. Ҳазҭагылоу аамҭа. Аԥеиԥш."

Афорум аусуратә программа аҿы рхы аладырхәуеит аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, урыстәылатәии жәларбжьаратәи Аилазаарақәа, амассатә информациа ахархәагақәа, аҿартәии анаукатәи аилазаарақәа  рхаҭарнакцәа. Афорум урыстәылатәи арегионқәа рҿы  аинвестициатә проектқәеи аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аилахәаларақәа рыҿиареи  аусуратә еилаӡарақәа рыбжьаҵареи рзы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара иазку плошьадканы иҟоуп.

Афорум аиҿкаара ахахьы иагеит – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи УА Анапхгареи адгылара зырҭо Афонд Росконгресс.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. 

Ареспублика Аԥсны уажәаԥхьагьы Кавказтәи аинвестициатә Форум аха аланархәхьеит.

Ареспублика Аԥсны астенд В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара азы аинвестициатә проект иазкхеит. Иарбоу апроект анагӡара иабзоураны Урыстәылатәи Афедерациа ақалақьқәеи Аҟәеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара алыршахеит.

Иара убас астенд аҿы иӡыргоуп аԥснытәи аҭыжьыҩцәа раалыҵ: иџьбарам арыжәтәқәеи иџьбароу арыжәтәқәеи, аџьыка, ачаи, ашәырқәа аус рыдулара иалҵуа аалыҵқәа. 


Read 299 times - Аҩаша, 27 Лаҵара 2025 13:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.