pressadmin-2
Баҭал Мышәба: аҳәаанырцәтәи абиржақәа рҿы ахәԥса аҽаԥсахра аазырԥшуа афинанстә рбага Аԥсны анефтаалыҵқәа рыхәԥса анырра анаҭоит.
Аҟәа. Цәыббамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахәԥса шьҭыҵит Урыстәылатәи Афедерациа аҿы анефтаалыҵқәа рбиржатә хәыԥсақәа рышьҭыҵра инамаданы. Ари афактор ареспублика абылтәы аҵыхәтәантәи ахәԥса ашьақәыргылараан аҳәаақәҵаратә ҟазшьа аманы иҟоуп, ҳәа абылтәы ахәԥсақәа рышьҭыҵра аҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, иара убас аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гәынба Гагра араион аҿы шьаҭанкыла аргылареи аиҭашьақәыргылареи робиектқәа дырҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамз 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны асоциалтәи аспорттәи аобиектқәа дырҭааит, аргыларатәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа рцашьа гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа анаркотикатәи арҩашьыгатәи амаҭәашьарқәа рхархәаразы агәаҭара иахысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Ахада Бадра Гәынба инапынҵала Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи анаркотикатәи арҩашьыгатәи амаҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган.
Ԥсҳәы ақыҭан асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҿы ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.
Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа, Аҟәа араион Ахадара ахаҭарнакцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Иҭыжьуп аԥсышәала икьыԥхьу арҵагашәҟәы «Алитературатә аԥхьара. 2-тәи акласс азы».
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыжьуп аԥсышәала икьыԥхьу арҵагашәҟәы «Алитературатә аԥхьара. 2-тәи акласс азы». Уи авторцәас иамоуп Ф.Б. Хаҳәыбиа, З.Б. Ҵәыџьба, иара убас Х.Г. Шамба.
Ари Аԥсны аҵара Аминистрра ала азеиԥшҵараиурҭақәа рзы арҵагатә цхыраагӡатәқәа реиҭахәаԥшра аҳәаақәа иҭагӡаны икьыԥхьыз аԥышәатә ҭыжьымҭоуп.
Аҟәа ақалақь аҿы асахьаркыратә гимнастика Ашкол аадыртит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы асахьаркыратә гимнастика Ашкол аадыртит.
Ашкол аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба, аҵара Аминистрра азеԥш, абжьаратәи азанааҭтә ҵарадырреи рыҟәша ахаҭарнак Маиа Цыбулевскаиа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациа апрезидент Гәында Кәарҷиа, Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәеи аспортсмен қәыԥшцәа рҭаацәеи.
Ашоҭ Хачикиан ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацыркуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион апрокуратура Ашоҭ Хачикиан дишьит ҳәа агәҩара зду Аинар Аҩӡба иганахь ала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ашьаус хацнаркит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
Аԥсны Урыстәыла хра злоу аԥышәа амадара атенденциа шыҟоу убаратәы иҟоуп, ҳәа иазгәеиҭоит аполитолог Алеқсеи Мартынов.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгаратә усуреи аҟыбаҩ злоу акадрқәа ралхреи рганахьала Урыстәыла хра злоу аԥышәа амадара атенденциа шыҟоу убаратәы иҟоуп, ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит Урыстәыла Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университет адоцент, аполитолог Алеқсеи Мартынов.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи еизыҟазаашьақәа ирызку Ахеилак аԥҵахоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи еизыҟазаашьақәа ирызку Ахеилак аԥҵаразы.Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.








