АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Лаҵара.2025

Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩи Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоуи XIII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә форум рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳаи Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳаи лаҵарамза 19 инаркны 21 аҟынӡа Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә форум рхы аладырхәуеит.

 «Азин:  адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы иҳаҩсхьоу аамҭа аԥышәа» («Право: уроки прошлого для мира будущего») – ХІІI Петербургтәи аиуристтә форум - 2025 атема хада ауп. Уи иаанарԥшуеит Афорум аидеиа хада – аҭоурыхтә ԥышәа инарҵауланы аҭҵаара ахымԥадатәрала аиашара иадгыло азинеиҟаратә дунеи азинтә шьаҭақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи алзыршо аӡбамҭақәа рыдкылара.

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә Форум – атәылауаа ринтересқәа рыхьчара, азакәанхархәаратә практика аиӷьтәра, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы асоциал-економикатә усхкы аҭышәынтәалареи азинтә культура аҿиареи рзы азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа рӡыргара азҵаарақәа рзы аиуристтә, аусдкыларатә, аполитикатә, азинхьчаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло иреиҳау азинтә плошьадкақәа иреиуоуп.

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә Форум аԥышәеимадара, азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа рӡыргара, азинтә система, азинхархәаратә ԥышәа амодернизациа азҵаарақәа рылацәажәара, иара убас аиустициа аусхкы аҿы жәларбжьаратәи аусеицура арӷәӷәара азы иуникалу алшара аԥнаҵоит. 

Афорум аусуратә программа иалагалоуп  адискуссиақәа, алекциақәеи аиԥыларақәеи, аусуратә еимадара ашьақәыргылареи арҿиареи, аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара, аԥышәеимадареи иԥхьагылоу аиуристтә практикақәа рабадырреи.

«Афорум аплошьадкақәа рҿы ирыхәаԥшуеит, иагьрылацәажәоит ҳаамҭа иақәшәо азин иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы. Афорум аҿы излацәажәахо аидеиақәа зегьы Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә Форум атәыла-алахәылцәа риуристтә практика аҿы есымша ахархәара роуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Диана  Ԥлиа.

 


Read 362 times - Ашәахьа, 19 Лаҵара 2025 15:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.