АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Лаҵара.2025

Аԥсны аиустициа Аминистрра аделегациа XIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аиуристтә форум ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц зхадараҿы дыҟоу аиустициа Аминистрра аделегациа XIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аиуристтә форум ахы аланархәеит.

Лаҵарамза 19 рзы  Санкт-Петербург ақалақь аҿы аусура иалагеит ХІІI Петербургтәи аиуристтә форум – аиуристтә, аусдкыларатә, аполитикатә, азинхьчаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло иреиҳау азинтә плошьадкақәа иреиуоуп.

ХІІI Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә форум -2025 атема хада – «Азин:  адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы иҳаҩсхьоу аамҭа аԥышәа» («Право: уроки прошлого для мира будущего»). Уи иаанарԥшуеит Афорум аидеиа хада – аҭоурыхтә ԥышәа инарҵауланы аҭҵаара ахымԥадатәрала аиашара иадгыло азинеиҟаратә дунеи азинтә шьаҭақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи алзыршо аӡбамҭақәа рыдкылара.

Афорум аԥышәеимадара, азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа рӡыргара, азинтә система, азинхархәаратә ԥышәа амодернизациа азҵаарақәа рылацәажәара, иара убас аиустициа аусхкы аҿы жәларбжьаратәи аусеицура арӷәӷәара азы иуникалу алшара аԥнаҵоит.  

Аԥсны аиустициа Аминистрра аделегациа аҿы иҟоуп аминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Еснаҭ Лакербаиеи жәларбжьаратәи азини аусеицуреи рыҟәша аиҳабы Мадина Еныкьԥҳаи.


Read 288 times - Ашәахьа, 19 Лаҵара 2025 15:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.