Уи аԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аинвестициатә еиқәшаҳаҭра еиҭахәаԥшраны ишыҟоу азы адырра ҟаиҵахьан. Уи иажәақәа рыла, наҟ-ааҟтәи аинтересқәа рбаланс шьақәыргылахоит, ареспублика ауааԥсыреи абизнеси ринтересқәа уахь иналаҵаны.
«Аинвестициатә еиқәшаҳаҭра акәзар, иарбанызаалак аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа рыхьчара алыршазароуп. Аԥсни ҳареи 90-тәи ашықәсқәа раахыс аинвестициақәеи акапиталлагалақәеи рыхьчара азы аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуп. Иарбоу аиқәшаҳаҭреи, иара убас хазы игоу апроектқәа рыла аҩганктәи анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рышьаҭала ареспублика аҿы Асовет Еидгыла аныҟаз аамҭақәа раахыс иҟамыз, насгьы урыстәылатәи, аҳәынҭқарратә капитал еиԥш хазхаҭалатәи аинвестициақәагьы ралахәхарала инагӡахоит акыр зҵазкуа, апроект дуқәа», - ҳәа Дмитри Вольвач иажәақәа аанагоит УА Аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Иара, урыстәылатәи аинвестициақәа рыхьчара аформақәа рыԥшаара аԥснытәи апартиорцәа алархәны иалыршахоит ҳәа иазгәеиҭеит, ареспублика ахь аинвестор ҿыцқәа радыԥхьалара шзалыршахо азы агәыӷрагьы шимоу ааирԥшит.