АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:07

Мықәтәи абжьаратәи ашкол №1 100-шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Очамчыра араион Мықә ақыҭаҟны Гьаргь Чачба ихьӡ зху ашкол 100 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын. 

Аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, аҵара аминистр Гәынба Хана, Апарламент адепутатцәа, араион анапхгара, ауаажәларра, ашкол аушьҭымҭацәа, ақыҭауаа. 

Аныҳәа аламҭалаз Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит. 

Гәынба Бадра иқәгылараҟны иазгәеиҭеит ашкол 100 шықәса ахыҵра арыцхә иамоу аҵак ду, иара убас иаҵшьны иҳәеит Мықә ақыҭа Аԥсны абжьыуатәи аган азы ҭоурыхтә центрны ишыҟоу. Ара аамҭақәа зегьы раан атәылазы илахьынҵаӡбаганы иқәгылаз азҵаарақәа рыӡбара мҩаԥысуан. 

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит ашкол аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, иара убас иахьа уаажәраанӡагьы акультура, аҭҵаарадырра, аспорт, амедицина аусхкқәа рыла атәыла аҿиараҟны рлагаламҭа шдуу. 

Бадра Гәынба Бадра ақыҭауааи араион зегьи ирыдиныҳәалеит ашкол 100 шықәса ахыҵра, иара убас иҭабуп ҳәа реиҳәеит аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан ззанааҭ нызмыжьыз, ахәыҷқәа аҵара дырҵо, ашкол аиқәырхара зылшаз арҵаҩцәа. Еизаз зегьы ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара.

Аҳәынҭқарра Ахада 100 шықәса ахыҵратә иубилеи инамаданы ашкол ашҭаҿы инапала аҵла еиҭаиҳаит, иара убас арҵаҩратә коллектив амузыкатә тезникеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранеишьеит.  

Ашкол аҳамҭақәа азыҟарҵеит иара убас аныҳәа иаҭааз егьырҭ асасцәагьы.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ашкол аҵаҩцәа еиҿыркааз аконцерт ала ихыркәшахеит.

Уажәы аҵаратә процесс ахьымҩаԥысуа ақыҭа Ахадара ахыбраҿы ауп, избан акәзар ашкол ажәытә хыбра уашәшәыроуп. Аҳәынҭқарра Ахада ари азҵаара аӡбара шалыршахо азыы ашкол аколлектив агәра диргеит.

Мықә ақыҭауаа иҟарҵаз аҳәара аҭак аҳасабала Нестор Лакоба идҵала 1925 шықәсазы Мықә ақыҭан ашкол аадыртит.

 


Read 49 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.