Ҷыдала ахшыҩзышьҭара аҭахоит атуристцәа рымҩаԥгара азы ахархәара зауа атраспорт атехникатә ҭагылазаашь, ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит иара.
Уи иажәақәа рыла ианаҭааха азы атранспорт рымхрагьы мҩаԥыргалоит.
Аӡҭалара аартреи уи аамҭаз ашәарҭадара аиқәыршәареи – акурорттә аамҭахәҭа алагара аламҭалазы зегь раԥхьаӡа иргыланы инагӡатәу усуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа.
Уи иара убас аплиажқәа реиҿкаареи урҭ аиқәырхаҩцәа рыла реиқәыршәареи ахымԥадатәра ҷыдала иазгәеиҭеит.
Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа аплиажқәа раартреи рхылаԥшреи рзы аҭакԥхықәра араионтә напхгара ирыдҵахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Аплиажқәа раартразы аҭахрақәа ирықәымшәо алкаақәа ыҟамзар урҭ раартреи рхархәареи ҟалом», — ҳәа иазгәеиҭеит иара. Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аҽыкәабаратә аамҭахәҭа рашәара 5 инаркны аартраз абжьгара ҟанаҵоит.
Ҭенгиз Сабуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы Гәылрыԥшь араион Аҟәеи Очамчыреи рыхәҭаки рыда, Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аҽыкәабарҭақәа реиҿкаара аганахьала иҟаз адҵақәа рынагӡара алыршамызт.
Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа аплиажқәа зегьы рҿы аԥсеиқәырхаратә ԥыԥшырҭа – асертификат змоу аиқәырхаҩцәа – амшынуааа ахьыҟоу аиқәырхагатә ҳар, хҩык иреиҵамкәа.
Аӡҭаларҭақәа рҿы 25 метр рыбжьаҵаны 30 метр аҟәара аҟынӡа бжьаҵаны аӡҳәаарбагақәа шьақәыргылатәуп. Аӷба маҷқәа рзы аҟәарахьы анеиразы атехникатә зона хымԥадатәины иҟоуп. Иара убас аԥшаҳәа азааигәара амшын аҵа арыцқьаразы аӡаҵантәи аусрақәа мҩаԥгатәуп.
«Ашықәс аҩныҵҟа амшын лассы-лассы ӷәӷәала ицәқәырԥшит. Убри аҟнытә аҟәара азааигәа аӡы аҵан имаҷымкәа агәам-сам, ахаҳә-мҿыҳә еизоит. Ауаа убри иазымхәыцкәан ӡааҟәрыла аныҟарҵоз арыцҳарақәагьы аныҟалоз маҷӡам. Убри азы аӡхәыҵалаҩцәа иарбоу аҵакыра гәарҭароуп, арыцқьара ауазар, ирыцқьатәуп, мап анакәха, абри аҭыԥ аҿы аҽыкәабара шыҟамло азы адыргақәа шьақәыргылатәуп», – ҳәа иҳәеит Ҭенгиз Сабуа.
Ҭенгиз Сабуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, хәы-шықәса рыла аӡытә обиектқәа рҿы 56-ҩык ҭахеит.
2020 шықәсазы ԥшьҩык ҭахеит, 2021 шықәсазы – 20-ҩык, 2022 шықәсазы – 13-ҩык, 2023-шықәсазы – 12-ҩык, 2024 шықәсазы – быжьҩык.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Русҭам Латипов аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭазы аҳәааҿы иҟоу аԥыԥшырҭа иамоу ақәыӷәӷәара ахьынӡаҳараку азгәаҭо 2024 шықәсазы 13 млн.ҩыки 2,8 млн. атранспортә хархәагақәеи аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҩганк рыла ииасит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҟәа ақалақьтә маҵзурақәа зегьы аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа алагара азы ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Уи иажәақәа рыла, иаахәоуп агәамсамҭаԥсарҭа ҿыцқәа, агәа ықәызго атехника ҿыц аҿаҵоуп. Аплиажқәа рҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит, амшын аҿы аӡҳәаарбагақәа иахәҭоу абжьазаара рыҭаны ишьақәыргылахоит.
Ҭенгиз Агрба иазгәеиҭеит џьоукы-џьоукы абџьар рыманы еиуеиԥшым аҭыԥқәаь рҿы – акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа, акрыфарҭақәа, уҳәа рҿы инеиуеит ҳәа агәынамӡарақәа рацәаны ишадырԥшуа ақалақьуаа, уи аҳәара ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ацхыраарала ари апроблема аӡбара алыршахарц азы.
«Ауаа абжьар кны, ижәны ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ианнеиуа, ари аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш аԥсшьаҩцәагьы зынӡа иргәаԥхаӡом. Ари, аиашазы, проблема дууп, уи аҭыԥ иқәҵатәуп», -ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ҭенгиз Агрба иажәақәа ахшыҩзышьҭра аиҭеит. Уи ауаажәларра ахьеизо аҭыԥқәа рҿы абжьар уманы анеиразы ақәиҭымзаара алагалара шазԥхьагәаҭоу азгәеиҭеит.
«Зегьы ари апроблема атәы рдыруеит, ҳаргьыуи азы иахәҭоу аусура мҩаԥаагоит» , – ҳәа иҳәеит Роберт Кьиут.
Аҳҭнықалақь ахада даҽа проблемакгьы дазааҭгылеит. Уи Аҟәа ақалақь аҿы амашьынақәа рыргыларҭақәа разымхара ауп, аԥхынра ари азҵаара еиҳагьы иуадаҩхоит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ақалақь агәаәы ақәыӷәӷәара армаҷразы атранспорт амаршрутқәак реиҭахәаԥшразы ажәалагала ҟаиҵеит.
«Сара издыруеит шәара активла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥыжәго, амҩақәа жәпакы рҿы акаҭран ақәҵара иаҿуп. Ақалақь Ахадара амашьанақәа рыргыларҭақәа азы азы аӡбамҭа аднакылар, усҟан ииашамкәа иргылоу амашьынақәа ревакуациа мҩаԥаагалоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Амԥар иажәақәа рыла, Гагра хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа раара иазыԥшуп.
«Араион Ахадареи ашәарҭадара аиқәыршәара иазку аусбарҭақәеи амаҵзурақәеи есымшагьы аусеицура бзиа рыбжьан. Иҟоу агхақәа зегьы хымԥада ианаамҭоу ирҽеихоит. Сара агәра ганы сыҟоуп иаҳзаараны иҟоу атуристцәа ишахәҭоу радкылара шҳалшо», – ҳәа иҳәеит иара.
Акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара аганахьала Аԥснытәи Аихамҩа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит Аԥснытәи Аихамҩа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Иааубратәы аҭагылазаашьа иацхраауеит афымцадәыӷба «Диоскурия» аушьҭра. Уи мышкахьы ҩынтә Шәачеи Аҟәеи ирыбжьалалоит.