Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә шәарҭадареи абџьар ахархәара иахылҿиар зылшо аинцидентқәа рыԥхьырҟәҟәаареи рзы, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амцабџьар аныҟәгареи аҵәахреи рзы аԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра арӷәӷәоит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит абџьар ауаажәларра ахьеизо аҭыԥқәа рзы аныҟәгара ақәиҭымзаара алагалара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа ирабжьнагоит аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа, ачараиурҭатә залқәа, уҳәа егьырҭ ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа ахыбрақәа рышәқәа рҿы абџьар рыцны анеира шыҟамло азы адырра зну адыргақәа аддырҷаблаларц. Иарбоу аҭыԥқәа рахь амцабжьар рыцны анеира ҟалаӡом, ҳәа аҳәамҭа аланарҵәоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.
Амилициа аусзуҩцәа абџьар аныҟәгара аԥҟарақәа реилагара аԥхьырҟәҟәаара иазырхоу апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥыргоит. Убас еиԥш иҟоу ареид мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы. Ари аҩыза аусмҩаԥгатәқәа ареспублика зегьы иахьаҵанакуа имҩаԥысуеит.
Ашәҟәы иҭагалам амцабџьар аныҟәгареи аҵәахреи рзы ашьаустә ҭакԥхықәра азԥхьагәаҭоуп. Ашәҟәы иҭагалоу амцабџьар аныҟәгара аԥҟарақәа реилагаразы административтә хьырхәра азԥхьагәаҭоуп.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атәылауаа ишьақәыргылоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, иара убас агәҽанызаара аадырԥшларц, изакәанымкәа абџьар аикәыршара иадҳәалоу џьара хҭысқәак рзы адырра роузар, иаразнак уи азы иахәҭоу аусбарҭақәа рахь аинформациа ҟарҵаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.